Урыстәыла ААР Украина ртанкер аанкылара аҭагылазаашьа иалацәажәоит

CC0 / / Танкер
Танкер  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва Киев аганахь ала иахәаҭны иҟоу аҭак азнархиоит Украина ашәарҭадаратә маҵзура урыстәылатәи атанкер ахьааныркылаз инамаданы ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина ашәарҭадаратә маҵзура Одессатәи аобласт Измаил амшынбаӷәазаҿы урыстәылатәи атанкер Neyma ахьааннакылаз аҭагылазаашьақәа ҭнаҵаауеит ҳәа азгәанаҭоит РИА Новости.

"Урыстәылаа шасыс иргазар, уи жәларбжьаратәи азин аилагароуп иаанаго. Ахҟьа-ԥҟьақәагьы лассы аҭак роуеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Украина урыстәылатәи атанкер ааннакылеит - Sputnik Аҧсны
Украина урыстәылатәи атанкер ааннакылеит

Иара убри аамҭазы аӷба зтәу аилахәыра "Альтомар Шиппинг" ахаҭарнак иажәаәқа рыла аурыс танкер аекипаж шәарҭа иҭагылам, атанкер аҩныҟа амҩа иқәуп.

Украина ашәарҭадаратә маҵзура Одессатәи аобласт Измаил амшынбаӷәазаҿы урыстәылатәи атанкер Neyma ааннакылеит Керчтәи аӡыбжьахалахь украинатәи аӷбақәа ахьаҭаныжьлоз азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Абаӷәазахь аӷба NIKA SPIRIT ахьӡны иҭалеит ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы. Ашәарҭадаратә маҵзура, арратә прокуратура, аҳәаахьчаҩцәа аӷбаҿ агәаҭарақәа мҩаԥыргеит, адокументқәа, аиҿцәажәарақәа рҭаҩра, аборттә журналқәа зегьы аҭҵааразы иргеит

Аӷба ахаҭа аганахь ала арбаандаҩразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

2018 шықәса абҵарамзазы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0