Шәача иԥыруа ахәырпыжәхкы ҿыц цәырҵит

CC BY-SA 2.0 / Flickr/Len Worthington / Американский таракан (Periplaneta americana)
Американский таракан (Periplaneta americana) - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәырпыжәқәа еиҳа узыцәшәаша маҵахкны иршьоит избанзар дара еиуеиԥшым ачымазарақәа рырҿкра рылшоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Шәача адунеи аҟны еиҳа иреиҳау ҳәа иԥхьаӡо ахәырпыжәхкы ҿыц цәырҵит. Иҟалоит иара арҭ аҭыԥқәа рҿы аҽкыднакылар ҳәа аҳәоит Шәачатәи амилаҭтә парк асаит аҿы.

Америкатәи ахәырпыжә (Periplaneta americana) аура 5 сантиметрак иҟоуп.

Очамчыра араион амашьына–трактортә станциа аиҳабы Виачеслав Шьоууа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шьоууа: аҵиаақәа рыхәшәтәра анхацәа сынтәа иаҳа иазҿлымҳауп

"Иара адунеи зегьы аҿы иуԥылоит, аиҳаракгьы ахьҭақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы. Уа иара ахыбрақәа рҿы аҽаҵәахуеит. Ашоура ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы аԥсабара аҽаланаҵәахуеит, бзиа иабоит амҿлых, алашьцара, ацәаакыра", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Америкатәи ахәырпыжә атеррариумқәа рҟны ирааӡалоит екзотикатә маҵак аҳасаб ала, иара убасгьы атерратиумтә ԥстәқәа рзы фатәыс.

Америкатәи ахәырпыжә цәыҟаԥш-цәеиқәаҵәоуп. Ирацщаны иԥыруеит. Аԥхьанатә иара ыҟан Африкатәи атропикқәа рҿы, аха XVII ашәышықәсазы Аҩадатәи Америкаҟа инанагеит. Убри азоуп ахьӡгьы ас изыҟоу.

Китаи ахәырпыжә ауатка аҵаҭәаны еиҵадырԥхьоит, ахәрақәа ҿырыӡәӡәаауеит, Виетнам акәзар игәырхаагоу фатәны ирыԥхьаӡоит.

Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева Аԥсны иҟоу ахәырпыжә еиқәаҵәеи (Blatta orientalis), ахәырпыжә цәыҟаԥшьи (Blattella germanica) роуп ҳәа азгәалҭоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0