Шәача аԥараԥаршеиҟаҵаҩцәа ааныркылеит

© Sputnik / ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәача аԥараԥаршеиҟаҵаҩцәа ааныркылеит
Шәача аԥараԥаршеиҟаҵаҩцәа ааныркылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи аполициа аусзуҩцәа аԥара ԥаршеи ркьыԥхьуеит ҳәа агәаанагара зызрымаз ауаа ааныркылеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Томсктәи аобласт аҟны инхо ҩыџьа ауааԥсыра аа-шықәса рҟынӡа аҭакра рықәҵахар алшоит Шәача ақалақь аҿы хәбахәба нызқь иҟоу акупиурақәа рыҭира рҽахьазыршәоз азы. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла ААР асаит.

Ацәгьоуцәа аанкылан аҭыԥантәи адәқьанқәа руак аҿы ианыхәаахәҭуаз. Арҭ ахаҿқәа ахьынхоз асасааирҭа аномер аҿы иԥшаан иԥаршеиз акупиурақәа рыла иҟаз 730 000 мааҭ аԥара ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уажәы аҭҵаара иаҿуп арҭ ахаҿқәа уаанӡатәи асеиԥш иҟаз ахҭысқәа ирылахәызу ирылахәымзу.

Дара рганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркуп. Дара аамҭала иаанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0