Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Тугуш ацха ахаҭабзиара аилкаара атәы
"Иаҳҳәап, зегь реиҳа имариоу аҿырԥштәқәа ацха бзиоу агәаҭаразы. Ҵәыцак аӡырԥхаҟны мҳаҵәк ацха урӡыҭуеит. Ацха цқьазар аҵымҳәҳәар ҳәа акгьы ааннамыжьроуп, ашәах ма џьара ишкәкәаны ак хымлароуп, аӡы маҷӡак ауп иахьыхуашьуа, аԥштәы ашҽаԥсахша. Насгьы ацха цқьа унапы иақәуҭәар, унацәкьарақәа анеихьушьуа ацха цқьа уцәа иалалоит, еидҷаблаӡом. Иара убас ацхеи аӡи ааиларҩынтны аиод каплак аналуҭәалак ииаҵәахар бзиам, маҷк аԥштәы аҽаԥсахыргьы аиаҵәара ҟамлароуп", - иҳәеит Туӷәышь.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ацха - зегь реиҳа ихаау ахәшә
-
Қацәба: ацха шаҳаԥшлак иҳаҵганы иргозҭгьы, иахьа аахәаҩцәеи аҭиҩцәеи еиқәҿырҭуа иҟам