Иҿымцәаауа агәыӷра: Дали Ҵабали аԥсҭазаара ыҵхәраа идәықәлашт

© Фото : Тенгиз ТарбаМрагыларатәи Аԥсны ашьхақәа
Мрагыларатәи Аԥсны ашьхақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭоурыхтә дгьылқәа, ҳаԥсадгьыл иагәеисырҭаз Дали Ҵабали рҭагылазаашьеи, уаанӡа уа инхоз ажәлар рҭоурыхи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы гәҭахәыцрақәаки Sputnik анҵамҭаҿы.

Дали Ҵабали наџьнатә аахыс Аԥсны иагәеисырҭан. Ашьхақәа иргәылакны ирку ари аиҩхаа ианакәзаалак ус имарианы, иманшәаланы ампыҵахалаҩцәа рнапахьы иааиӡомызт. Ари ахырӷәӷәарҭа, абаагәара иаҩызан. Уа иҭанхоз ауаажәларгьы гәымшәақәак, зыгәаӷьра ӷәӷәаз ракәын.

Ҭырқәтәыла.Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аӡынаа Ҭырқәтәыла ишықәнагалаз аҭоурых

Аха XIX ашәышықәсазы ҳауаажәлар ирзыҟалаз атрагедиа дуӡӡа иқәнаӡәӡәааит зегьы. Усҟантәи аамҭақәа рзы урҭ аҭыԥқәа зегьы ҭырҭәааны инхон аԥсуаа. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, мчылатәи ахырҵәара аамҭақәа рзы Ҵабал иаанхеит 13 аԥсыуа ҭаацәара.

Дал аӡәызаҵәыкгьы даанымхаӡеит. Убри аахыс иахьа уажәраанӡа усҟантәи аҭоурыхтә ӡеибафара иҭанарцәыз Кәыдры аӡиас ахыҵхырҭа иатәу аиҩхаа ҭацәуп. Ҭаацәарак ҩ-ҭаацәарак ракәымзар, аԥсуаа ара зынӡа инхаӡом. Арҭ аҭыԥ хазынақәа ирықәнагалаз атәым жәларгьы, акы иачҳазаргьы, анцәа ду имч ала шықәсқәак раԥхьа рышьҭамҭа аныҵит.

Дали Ҵабали аԥсуаа рыла иҭырҭәааны ианынхоз дара ирхылаԥшуан Маршьанаа рхылҵшьҭрақәа. Урҭ еиҩшан абиԥарақәа рыла. Жәибжь инарзынаԥшуа абиԥарақәа ыҟан Маршьанаа ирыҵанакуаз: Хьрыԥс-иԥацәа, Дарыҟәа-иԥацәа, Таԥшь-иԥацәа, Мас-иԥацәа, Ҟазлаҭ-иԥацәа…

Аԥсны аҩнуҵҟа Маршьанаа рабиԥарақәа ирыҵанакуаз аҭыԥқәа рҳәаа ҭбаан. Еиҳарак ашьха ҭыԥқәа ракәын: Дал, Ҵабал, Ԥсҳәы, Аҳҷыԥсы, Ашәы…

Аха зегьы раасҭа Дали Ҵабали даара рхыԥша ӷәӷәан дара. Шәиҩынҩажәижәаба шықәса инареиҳауп ахҵәара иқәнагеижьҭеи ара инхоз зегьы. Иџьоушьаша, иахьа уажәраанӡа иаанханы иҟоуп Дал-Ҵабалтәи Маршьанаа раҳҭынра ду ахьыҟаз Ахысҭа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы абаа хыжәжәарақәа.

Имҩашьахуа уаҩы ибарҭоуп урҭ ргәашә ахьҿаз – уа иахагылоуп усҟантәи аамҭа иахаану аҭәа ҵлақәа ҩба. Иаанханы иҟоуп урҭ рӡыхьгьы. Аӡыхьгьы иахагылоуп араҵлақәа ҩба. Абас, шьҭамҭақәак аанхазаргьы, иахьала аԥсуаа ражәа иалоу ажәа хьанҭа, ақьаԥҭажә иаҩызоуп ара.

Аха, ирымҳәои – "Имгәыӷкәа иԥсхьада" — ҳәа. Издыруада, аԥсҭазаара иасимволу, аԥсуаа рзын иԥшьаз аҵла дуқәа ишшәыр-шшәырӡа агәашәи аӡыхьи изырхагылоу башамзар. Ибашамзар ахьхьаҳәа иҵхәрааны илеиуа урҭ рӡыхь аҽахьамӡаз. Урҭ иахьанӡа ргәы иҵаҳәҳәаны ирымоуп, ахҵәара иқәнагаз – дара зегьы ныжьны ианцозтәи рхьааи ргәыхьи. Издыруада, аӡыхь иеиԥнашьыр аамҭақәа реихысырҭа. Ахырҵәаҩ иҿаԥхьа зхы лазмырҟәыр зҭахыз, аха зымч мхаз ахацәа гәыџьбарақәа ирхылҵыз, атәым дгьыл иааӡаз рыгьежьра иазыԥшызар…

Ахҵәаратә ԥшатлакә анаҩс, мшыннырцәҟа зымҩа архаз Дали Ҵабали руааԥсыра, дара ираԥхьагылаз Маршьанаа дуқәа ҳәа изышьҭаз аамысҭа ӷәӷәақәа рхылҵшьҭрақәа рыуаажәлари дареи иахьа инхоит Ҭырқәтәыла: Бурса, Инегьиоль, Биленџьиқь, Есқьишьеҳир рҿы. Ҳәарада, ирацәаҩуп егьырҭ аҳәынҭқаррақәа – Шьамтәыла, Иорданиа, Мысра уҳәа рахь иагаз, аха Кәыдры аиҩхаа иҭыҵыз ахьеиланхо Ҭырқәтәыла убарҭ аҭыԥқәа рҿы ауп.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуааи абазақәеи реинаалара аҭоурых

Амала, Маршьанаа рабиԥарақәа Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо аҭыԥқәа рҟны ишаны ирыланхоит. Аԥсны ианынхоз ишеиланхоз еиԥш еицны ҭыԥк аҿы еицахыҵыз ишеицыз итәон уа аҭырқәа идгьыл аҟны. Ҳәарада, усҟантәи аамҭазы дасу ирхылаԥшуаз дара ахьтәоз ирыцын.

Ирыцын акәӡам, арантәи аԥсуаа уахь ианықәнагала иахьтәоз, еиҿызкаауаз, Аԥсны иахьеиԥшу аҭыԥқәа алхны изыртәоз еиҳарак дара ракәын. Усҟантәи асоциалтә еизыҟазаашьа иахьала иаанымхаӡеит, аха ажәлар ргәалашәараҿы иаанханы иҟоуп дасу ирхылаԥшуаз аамысҭа хылҵшьҭрақәа зусҭцәаз.

Иахьатәи аамҭазы Дали Ҵабали ирыҵаркуа Кәыдрытәи аҩхаа милаҭтә паркны ирылаҳәоуп. Уажәшьҭа агәыӷра ыҟоуп ари аҭоурыхтә ҭыԥ, жәытәӡаахыс аԥсуаа рыла иҭырҭәааз, ҩаԥхьа аԥсҭазаара ыҵхәраа идәықәлап ҳәа. Уаанӡа ишыҟаз еиԥш, ауааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала рықәынхара макьана изалмыршахаргьы, уи ажәлар азхьарԥшны, аԥсабареи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи ишақәнагоу еиԥш ихьчаны, саси аԥшәымеи урҭ пату рықәырҵартә, иаҳхысхьоу рханамыршҭыртә иҟанаҵап, ҳԥеиԥш ҳазнархәыцып.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0