Ауаҩшьразы изышьҭаз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рхала рхы цәырыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ААР
Аԥсны ААР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа уаанӡа Аԥсны Апрокуратура хада иҟанаҵаз азыҳәа иақәшаҳаҭхеит Аԥсны ААР аусзуҩцәақәак аҩнытә рбаандаҩра рықәҵаразы.

АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа нанҳәа 28 рҟынӡа иааннакылеит ААР аусзуҩцәа Витали Кулови Адгур Аутлеви ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

"Ԥхынгәы 19 рзы Витали Кулови Адгур Аутлеви раанкыларазы рышьҭазаара рылаҳәан. Ԥхынгәы 29 рзы аҵыхәтәантәиқәа рхала азинхьчаратә усбарҭақәа рахь икылсит. Иара убри аҽны дара аанкылан", - ҳәа аҳәоит асаит аҿы.

Заанаҵтәи аусҭҵаара аверсиала Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы, амаҵзуратә уада 303 аҿы, Омар Мерцхәылаа иӷьычра далаҟьышьуп ҳәа агәаанагара зызрымаз Анзор Ҭарба иҿахәҿыхраан иԥсҭазаара далҵит.

МВД - Sputnik Аҧсны
Ҭарба ишьра иалахәу ҳәа агәаанагара зызрымоу ахаҿқәа аҩнытә ҭакра рықәырҵеит

Ԥхынгәы 13 рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба аҳәамҭа ҟаиҵеит аусбарҭа аусзуҩцәа рмаҵзуратә напынҵақәа рхыҳәҳәара иахырҟьаны иаанкылаз Ҭарба Анзор иԥсҭазаара далҵит ҳәа.

Анзор Ҭарба асеиԥш иԥсҭазаара иалҵра ареспубликаҿ ацәажәарақәа акыр ахылҿиааит. Атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба Апрокурор хадеи АШәМ ахантәаҩи, ААР аминистри алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аӡбарҭа агәаанагарала, аусбарҭа аусзуҩцәа "рхара шьақәыргылахаанӡа, аӡбарҭа ашьауӷа азинмчра аиуаанӡа ахара рыдны иԥхьаӡам" .

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0