Еицәоу умбакәа, еиӷьу уздыруам

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАцәгьоуҩы иаанкыларҭа
Ацәгьоуҩы иаанкыларҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны ахи-аҵыхәеи имҩаԥысуеит ҳҳәынҭқарра ҵызшәаауа, ашәарҭадара ԥырхага азҭо ацәгьоура бааԥсқәа. Урҭ реиҳарак знапы алаҟьашьу аԥсуаа рыҷкәынцәа роуп. Избан аԥсуа ихьӡи ихьымӡӷи аԥхьа аргылара дзаҟәыҵыз, уимоу иуацәеи иҭынхацәеи убри аан адгылара ирҭо ишԥаҟалеи, ҳдунеихәаԥшра алаҟәра иабанӡаҿызаауеи? Абарҭ азҵаарақәа рзы лгәаанагарақәа лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсуа изы ахьӡи аҳьымӡӷи еснагь зегь раԥхьа игылан. Ус ауп сара ишысгәалашәо схәыҷрашықәсқәеи сыҩеидасымҭеи раамҭаз ирыҵаркуа ахҭысқәа сырзааҭгылозар. Сызхаану инаҷыданы, аиҳабацәа рцәажәарақәеи жәлар рҳәамҭақәеи ҳарзааҭгылозар, ахьӡи ахьымӡӷи ртәы зҳәо аҳәамҭақәа маҷым. Аиашазы, аӷьычреи ақәылареи уамак иус бзианы аӡәгьы иаликаауамызт, акы заҵәык "хара ицон рахәык, шәахәык заԥцаны иаазгоз" рҳәо саҳахьан, агәыла иҵаӷьычра пату шақәмыз аарԥшуа.

Рауль Ҳаџьымба амчратә усбарҭақәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит>>

Схы здыруанаҵы исгәалашәо сырзааҭгылозар, иҟан агәнибархара, ма ахьымӡхыхра иахҟьоз ауаҩшьрақәа, арҳәра, ақәылара, аџьыбаҭалара уҳәа, ацәгьоурақәа рыӡбахә усҟангьы иааҩуан, аха иахьеиԥш амҽхак рымамызт. Саб дуаҩ ҭынчын, аха дыџьбаран. Аҭаацәараҿы быжьҩык ахшара ҳаҟан. Зны заҵәык ҳаилартәаны иҳаиҳәахьан "аӷьычра, ақәычра, амаҳагьара" аӡәгьы ишианеимыжьуаз. Ус иҳәеит, избанзар иара изы ахьӡи аҳьымӡӷи ирыҵаркуаз рацәан.

Иахьа Аԥсны Аҩнуҵҟтәи аусқәа рминистрра мчыбжьык ахь знык иҳаднагало адырраҭараҿы сқыҭа Кәтол ахаҭарнакцәа рыӡбахә ансаҳалак, дак насылԥсаауеит, избанзар "апоетцәа рқыҭа" ҳәа изышьҭаз кәтолаа рҵеицәа ас ацәгьоурақәа ҟарҵомызт аибашьра иалагаанӡа.

Аибашьра анеилга ашьҭахь, ҳабҩарақәа ааԥшуа иалагеит аԥсуаа. "Аиааира ҳгеит, иаҳҭаху ҟаҳҵоит" ҳҳәазшәа, "зыӷәра зыҿҟьаз аҽуреиԥш" нкылашьа ҳамамкәа ҳааҟалеит. Нкылашьа змам ацәгьоурақәа рҿаԥхьа азакәан аныԥсыҽха, амораль ззырҳәо анкаҳа, ҳашнеишнеиуаз акыр игәаӷьыуацәоу ацәгьоурақәагьы цәырҵуа иалагеит. Урҭ рахь иҳаԥхьаӡар алшоит зықәра маҷу рцәа аԥҽра. Ари аҩыза зымпыҵҟьаз рыуа, рҭахы налакны, ақыҭа иалырцон анкьа, ажәлар ахьцәажәогьы цәажәатә рымамызт, избанзар акыр ихьымӡӷуп ҳәа иԥхьаӡан. Абарҭқәа рыдагьы, ицәырҵит гьангьашрылатәи ауаҩшьрақәа, ауаа рӷьычра. Ахаангьы сгәы иаанагомызт ԥсыуак ихы иаҭәеишьоит ҳәа ауаҩы дышьны аҵеџь иҭажьра, ауаҩы дӷьычны гыгшәыгҵас даанкыланы изныҟәара, аԥара арҳара аҳаҭыраз. Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа сырзааҭгылозар, уҭра уҭзырҟьо хҭысуп абаандаҩы цәгьаԥсышьа иҭаны абахҭаҿы ишьра. Уи аҵкысгьы еицәоуп ацәгьоура ҟазҵаз ирыдгыланы Аԥсны Апрокуратура ахада аԥхьа амилициа аусзуҩцәеи, ауацәеи, аҭахцәеи реизара. Ус анакәха, ацәгьоуцәеи азакәан еилазго аанызкылашеи рморалтә ҩаӡара еиҟарахеит.

Исгәалашәоит урыстәылатәи аусдкылаҩ Сергеи Клемантович ишьра еиҿызкааз ҳәа гәҩарас ирымаз данҭарк, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿаԥхьа ауацәа еизаны амитинг шымҩаԥыргоз, мамзаргьы уи аус Иреиҳаӡоу аӡбараҭаҿы ианырыӡбоз иара "афырхаҵа хада" Жәлар Реизара адепутат Нодик Кәыҵниа "беспредел" ҳәа анҿиҭуаз - абри зегьы иаанарԥшуеит ҳмораль алаҟәра ишалагаз. Аҽы иаҳәаша акәадыр иаҳәон рымҳәоз ажәытәуаа…

Клемантовичи Скаредновои зшьыз ашьауӷа рықәырҵоит>>

Аԥсны атәылауаҩ Омар Мерцхәылаа дҭакны дызмаз ҳәа гәҩарас ирымоу зегь аԥсыуаауп, аԥсуа ҭаацәарақәа ирааӡаз роуп. Иабацеи нас наџьнатә аахыс ахьӡи ахьымӡги ҳәа ауаҩы данырааӡоз иларааӡоз? Аибашьра анеилга ибжьаӡзар, амал еизыҳәҳәареи асасааирҭақәа рынкылареи рфилософиа аҳра ауа ианалага?! Ибжьаӡит, азакәангьы мчыдахеит азы.

Ахьӡи ахьымӡӷи

Иара азакәанқәа ирхылаԥшырц зуалу ирхаҭарнаку ауаҩӷьычра далахәуп ҳәа иааныркылаз Анзор Ҭарба цәгьаԥсышьа иҭаны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы дҭадырхозар, уи ҟазҵаз ҳәа гәҩарас ирымоу амилициа аусзуҩцәа Аԥсны Апрокуратура хада "аҩынтәи арбаандаҩра" (домашний арест) захьӡу рызхоуп ҳәа азырыԥхьаӡозар, атәылаҿы аусқәа шҽеим аанарԥшуеит. Азакәан зыҟоу азакәан иацымныҟәо рахьырхәразоуп, урҭ рыҩганк анеиҟарахалак, аҳәынҭқарра ауасхыр еилабааит ауп иаанаго.

Хымз раԥхьа ирӷьычыз Омар Мерцхәылаа ацәгьоуцәа дырцәыбналеит>>

Ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп алхарақәа, иалырхуа дарбанызаалак абри азҵаатәы аус анадимула, ҳабдуцәа раԥхьа идыргылоз ауаҩреи, ахьӡи, аҳьымӡӷи рыхьчара аԥсҭазаара ианыӡаауеит, ихьыԥшым, изинтәу аҳәынҭқарра ҳаргылоит ҳәа ҳаззеибашьыз аидеиагьы ацәаара ҳамбо иҟалар алшоит.

Ҭарба ишьра иалахәу ҳәа агәаанагара зызрымоу ахаҿқәа аҩнытә ҭакра рықәырҵеит>>

Ахьӡи ахьымӡӷи хымԥада азакәан аҿы иарбам, аха игәаӷьыуацәоу аус зымпыҵҟьоз ихаҭагьы иара иҵкарызгьы ҩыџьа ахьцәажәо идырцәажәомызт анкьа, уажәы ахшыҩ анаҳдырҵогьы убап, убриаҟара шьаҭанкыла аҽаԥсахт аԥсуа дунеихәаԥшышьа, иара убас, акыр иԥсыҽхеит амчра имҩаԥнагарц иауалу ахьырхәра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0