Аҳазалхыҩцәа азакәаншьаҭа змамыз амаҭәарқәа аадырԥшит аҳәааҿы

© Foto / Пресс-служба пограничного управления ФСБ России Задержание партии сигарет
Задержание партии сигарет  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳазалхратә ԥҟаррақәа инарықәыршәаны баџьда Аԥснынтәи Урыстәыла аҵакырахь зықәра наӡахьоу ауаҩы ииаигар илшоит 200 сигарет, 50 сигара (сигарилл) ма 250 грамм аҭҭын.

АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа асмартфонқәа жәабеи 35 блок асигарети закәаншьаҭада аҳәаа ишахыргоз иааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа АШәМ аҳазалхратә усбарҭа.

Ииасыз амчыбжь анҵәамҭазы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" иаанкылан автомобиль "OPEL", Аԥснынтәи Урыстәылаҟа зхы хаз.

Граница Псоу - Sputnik Аҧсны
Аҳәааҿы анаркотикқәа ахызгоз ахаҵа дааныркылеит

"Атранспорттә хархәага агәаҭараан ирбеит асмартфонқәа жәаба ("Texet ТМ – 5073") зҭаз асумка", - ҳәоит адырраҭараҿы.

Амашьына арныҟәцаҩ, Аԥсны атәылауаҩ иҳәеит ателефонқәа Аԥсны аџьармыкьақәа руак аҿы ишааихәаз, иуацәа ҳамҭас ишырзиго. Аҳазалхыҩцәа атауар аекспертизахь инарышьҭит. Административтә усҭҵаара мҩаԥысуеит.

Иара убри амш аҽны автомобил "Toyota Mark X" ала имҩаԥган аҽазышәара акцизтә маркақәа змамыз 10 блока асигарет аҳәаа ахыгара.

Иара убасгьы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ахаҵа 15 блок асигарет закәаншьаҭада аҳәаа иахигон. Абарҭ ахҭысқәа рганахь алагьы административтә усҭҵаара мҩаԥысуеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0