АҞӘА, нанҳәа 8– Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 2018 шықәса рзы имҩаԥгаз ацәгьоурақәа 66 процент аадырԥшхьеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иара убасгьы иазгәарҭеит 2018 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар ацәгьоурақәа 11.6% дрҟынтәи 1.7% рҟынӡа илаҟәит ҳәа.
2018 шықәса рзы 12 уаҩшьра ыҟан. 2008 шықәса рзы - 45 цәгьоура рҟынтәи иаарԥш 48.8% роуп. 1994 шықәса рзы 303 цәгьоура рҟынтәи иаарԥшу 29% роуп. 1998 шықәса рзы 72 уаҩшьра аҭыԥ рыман. Урҭ рҟынтәи 52% аарԥшуп. 2018 шықәса рзы 23 қәылара ыҟан, 77% аарԥшуп. 2008 шықәса рзы ақәыларақәа 44 разбашәҟәы иҭагалан, иаарԥшу 18% роуп. 1994 шықәса рзы ақәыларақәа 23% аарԥшуп. 1998 шықәса рзы - 22 процент.
Ацәгьоура ӷәӷәа ҳәа ишьоу, ауаа рӷьычра аганахь ала 1995 шықәса рзы – 45 факт ыҟан, 2017 шықәса рзы – цәгьоура заҵәык.
Иара убасгьы анаркотикқәа ралагалара иазырхо ацәгьоурақәа еиҳа раарԥшра алыршахо иалагеит ҳәа азгәанаҭеит апресс-маҵзура адырраҭара.
Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны ишьақәыргылоуп анаркотрафик аиҿкааҩцәа аӡәырҩы. Аусқәа Апркуратура хадахьы инашьҭуп.