Аладатәи Курилқәа Иапониа аолимпиадатә хсаалаҿы иадырбеит

© Sputnik / Андрей Шапран / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Иапониеи еимаркуа адгьылбжьахақәа ԥшьба Иапониа аолимпиатә мца амаршрут аҿы иаҵадыркит. Аолимпиада мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса рзы.

АҞӘА, нанҳәа 9 — Sputnik. 2020 шықәсазтәи аолимпиада аофициалтә саит аҿы Урыстәылеи Иапониеи еимаркуа Алада Курилтәи адгьылбжьахақәа ԥшьба Иапониа аолимпиатә мца амаршрут аҿы иаҵадыркит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Адгьылбжьахақәа Кунашир, Шикотан, Итуруп, Хабомаи апрефектура Хоккаидо иаҵаркуп. Жәларбжьаратәи аусқәа рзы Афедерациатә хеилак аилак алахәыла Олег ари картографиатә агрессиоуп ҳәа ахиҳәааит.

© © Фото : Официальный сайт Олимпиады 2020Курилы
Аладатәи Курилқәа Иапониа аолимпиадатә хсаалаҿы иадырбеит - Sputnik Аҧсны
Курилы

"Сара сгәанала Урыстәыла ари ахҭыс аҭак ҟанаҵароуп. Аолимпиада асаит аусура аԥсахрақәа мҩаԥнагарц дҵаны иқәнаргылароуп", - иҳәеит иара.

Глава МИД России Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны
Лавров Иапониахь ааԥхьара ҟаиҵеит Курилы Урыстәыла асуверенитет ишаҵанакуа азханаҵарц

Асенатор иажәақәа рыла Иапониа асеиԥш ахымҩаԥгашьа Аолимпиадатә хартиа иақәшәаӡом. Убри азы ЖәАЕ (МОК) абри ахҭыс гәыгәҭанамыжьроуп.

"Зегьы ирдыруеит аҵакырадгьылтә еимакқәа атәылақәа жәпакы ишрымоу аха урҭ аспорт радҳәалара иашам", - иҳәоит асенатор.

Токио аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥгахоит ԥхынгәы 24 инаркны нанҳәа 9 рҟынӡа 2020 шықәсазы. 1956 шықәса рзы Асовет Еидгылеи Иапониеи рнапы аҵарҩит Аицдекларациа. Уаҟа Москва ақәшаҳаҭхеит адгьылбжьахақәа Хабомаии Шикотани Иапониа аҭара азҵаара ахәаԥшра. Иара убри аан Кунашири Итурупи рыӡбахә иалацәажәамызт. СССР агәаанагарала, абри адокумент аимак еилнаргар акәын. Иапониа акәзар, адокумент апроблема аӡбара иахәҭакны иахәаԥшуан.

Уаанӡа Владимир Путин ажәадгала ҟаиҵахьан иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ирыхьмырԥшыкәа Токиои Москвеи аҭынчраз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0