Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чачхалиаԥҳа: быжьнызықьҩык рҟынӡа Тҟәарчал араион аҿы алхрақәа рхы рыладырхәраны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАида Чахалиаԥҳа.
Аида Чахалиаԥҳа.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион аҿы иааигәахо Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа иахьынӡазыхиоу атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аида Чахалиаԥҳа.
Чачхалиаԥҳа: быжьнызықьҩык рҟынӡа Тҟәарчал араион аҿы алхрақәа рхы рыладырхәраны иҟоуп

"Тҟәарчал араион аҿы уаанӡа алхрақәа раан алхырҭатә ҭыԥ хадақәа хԥа ыҟазҭӷьы, уажәы ҩба роуп иҟоу. Алхырҭатә ҭыпқәа ааба азгәаҭоуп. Урҭ зегьы еиҿкаауп, ҳацклаԥшны иазҳархеит. Ахәбатәи ашкол ахыбраҿ алхырҭатә ҭыԥ аартра ахьазгәаҭоу уажәазы аремонттә усурқәа цоит, аха арыцхә аиаанӡа рхыкәшара ҳахьӡоит. Џьанҭоу иҟаз алхырҭатә ҭыԥ ииагоуп ақалақь аҩныҵҟахь. Ус иаҳа алхыҩцәа рзы иманшәалахоит. Араион аҿы быжьнызықьҩык рҟынӡа алхыҩцәа ҟалоит, усҟак Тҟәарчал инхом, аха иҭаҩу неины рыбжьы арҭап ҳәа ҳгәыӷуеит. Сынтәа, раԥхьаӡа акәны 200-ҩык инарзынаԥшуа аҿар алхрақәа рхы рыладырхәуеит", - ҳәа азгәалҭеит Чачхалиаԥҳа.       

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0