Тҟәаԥс ахада иганахь ала ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачынуаҩ имаҵзуратә напынҵақәа дырхыҳәҳәеит ахара идырҵоит.

АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Тҟәаԥс ақалақь ахада Владимир Зверев иганахь ала ашьаус хацыркуп. Ачынуаҩ имаҵзуратә напынҵақәа дырхыҳәҳәеит ахара идырҵоит. Абри атәы аҳәоит Урыстәыла ашьаустә еилакы асаит аҿы.

"Тҟәаԥс ақалақь ахада Владимир Зверев иганахь ала ашьаус хацыркуп. Иара иганахь ала агәызҩара ыҟоуп имаҵзуратә напынҵақәа дырхысны имаҵзура ихы иаирхәеит", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.

Зверев даанкылоуп. Ашьаусҭҵаара аҳәара ҟанаҵоит ирбаандаҩразы.

Владимир Зверев Тҟәаԥс ахадас далхын жәабран 16 2018 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0