"Ашьха уанхало Анцәа ушԥаимыҳәо? Уи зынӡа даҽа ҭыԥк ауп. Иаҳҳәап, иара ацаҟьа уанаҿало Анцәа уиҳәароуп, саҭоумҵан ҳәа. Уазхщыцуазар, узыргәаҟи иара ацаҟьа уаҿалартә еиԥш? (дыччоит…) Сара санхало исҳәалоит: "Ушьапаҿы ҳаҟоуп, Анцәа, амашәыр ҳҟәыгазааит сҩызцәеи сареи" ҳәа, ҳанылбаалак, "иҭабуп уаҳхьхылаԥшыз" сҳәоит. Сара ашьхара аныҟәара сзырбоз Валери Агрба, Гиви Смыр, Владимр Какалиа убас исдырҵеит ҳаиҳабацәа ишныҟәаргоз ҳәа. Убас ҳаргьы иныҟәаҳгалар иаҳа ҳарԥшӡоит, иаҳа ҳаиқәнаршәоит, ҳарманшәалоит.
Ауаа рацәаҩуп ашьха иаҭаауа. Адырра ҟамҵакәагьы ицалоит, амашәырқәагьы аныҟало ыҟоуп. Аԥсныҟа иаауа рымҩақәҵара аҭахуп, рыгәшәымшә ҳәаны ашәҟәы рҽанырҵаларц рабжьгалатәуп, уи аганахьала аус рацәоуп", - иҳәеит Смыр.
Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.