Аҟәатәи Аиашахаҵаратә уахәамаҟны иаԥылеит Анцәа Иҽеиҭакра аныҳәа

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАнцәа Иҽеиҭакра аныҳәа аҳаҭыраз Аҟәатәи ауахәамаҿ имҩаԥысит Анцәа имҵаныҳәара
Анцәа Иҽеиҭакра аныҳәа аҳаҭыраз Аҟәатәи ауахәамаҿ имҩаԥысит Анцәа имҵаныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 19 рзы Аиашахаҵаратә уахәама иаԥылоит Анцәа Иҽеиҭакра аныҳәа. Уи шьақәдыргылеит Фавор ашьхаҿы Иаса Қьырса иҵаҩцәа рҿаԥхьа Иҽеиҭакра агәалашәаразы.

АҞӘА, нанҳәа 19 — Sputnik. Анцәа Иҽеиҭакра аныҳәа Аԥсны аиашахаҵаҩцәа иазгәарҭоит ашәахьа, нанҳәа 19 рзы.

Ари аныҳәа инамаданы Анцәа ихьӡала амаҵзура Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥигеит Иԥшьоу Иоанн Ахьҿы изку Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аигумен Игнати (Киут), абри атәы Sputnik Аԥсны акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит.

Аҟәатәи акафедралтә уахәама иаҭаауа Викториа Кәарҷиаԥҳа дааит лхәыҷқәа ҩыџьа лыманы.

"Исҭахуп схәыҷқәа ауахәама агәыбылра ркырц, Анцәа ихаҵара рыласааӡарц. Есмҽыша ауахәамахь ҳаауеит, даргьы хәыҷы-хәыҷла иашьцылоит. Сара сзы ари иҷыдоу мшуп. Аҽеиҭакра иаанагоит аиҭаира, аиҭаҿиара, уи зегьы абзоуроуп Анцәа иахь, иаҳаакәыршаны иҟоу ауаа рахь абзиабара. Агәрагара - адунеи зегь еибаркны измоу ауп, уи ыҟамзар, адунеигьы зыҟалом", - лҳәеит лара.

Ажәытә жәабжь ишаҳәо ала, Қьырса изааигәаӡаз хҩык иҵаҩцәа Пиотри, Иакови, Иоанни Галилеиаҟа амҩа ишаныз, уи ицны ашьхахь ихалеит аматанеира еицымҩаԥыргарц. Уа аҵаҩцәа ирбеит Иаса Иҽеиҭакра - иара анцәахәы ихаҿсахьа иманы, маҭәа лашала, дкаԥха-каҷҷо апостолцәа рҿаԥхьа дцәырҵит. Иаса Қьырса апостолцәа азин римҭеит ирбаз аӡәы иаҳәара, иара Игылара амш аҟынӡа.

Анцәа Иҽеиҭакра Нанҳәатәи ачгара ахьынӡацо иаԥылоит. Аныҳәа аӡаҭыраз анцәахаҵаҩцәа азин рымоуп аԥсыӡ рфар.

Анцәа Иҽеиҭакра амш азы ашәыри ауҭраҭыхи рыԥшьоит. Бырзентәыла, Израиль, Кипр иқәынхо анцәахаҵаҩцәа ажь рыманы ауахәамақәа рахь инеиуеит, уи ажь анаҩс аҩы алырхуеит анцәа ицәеижь адкылара ақьабз амҩаԥгараан ахархәаразы. Урыстәыла ажь аҵәа ала ирыԥсахит, уи атәылаҟны иахьабалак иахьыҟаз азы.

Ажәытә традициа инақәыршәаны, Аҽеиҭакра амш аҽнынӡа аҵәа уфар ҟалаӡомызт. Урҭ раԥхьа иԥшьатәын, аҽаҩра ахьроуз азы Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәон.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0