Ирҿыцу "Аҟазара": ажурнал аномер ҿыц аԥсахрақәа алагалан

© Sputnik / Томас ТхайцукЖурнал Аказара
Журнал Аказара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурнал "Аҟазара" 2019 шықәсазтәи аҩбатәи аномер еиҭарҿыцны иҭыжьын. Уи аредактор хада Геннади Аламиа ажурнал иалагалаз аԥсахрақәа дрылацәажәеит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ажурнал "Аԥсны Аҟазара" раԥхьатәи аномер ҭыҵит 1979 шықәса ԥхынгәымза 7 рзы. 40 шықәса инеиԥынкыланы ари апериодикатә кьыԥхь редакторс даман апоет, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба. Шықәсқәак рышьҭахь ажурнал ахьӡ ԥсахын, раԥхьатәи ажәа амхны "Аҟазара" ҳәа ахьыӡҵахеит.

Журнал Аказара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа культура ӡырызго: ажурнал "Аҟазара" 40 шықәса ахыҵит

Ҳазҭоу ашықәс азы Џьума Виссарион-иԥа иԥсҭазаара даналҵ, ажурнал редактор хадас даҭан апоет, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа. Иара излеиҳәаз ала азныказы ицәыцәгьахеит ари аусура иацыз аҭакԥхықәра адкылара, аха нас дақәшаҳаҭхеит. Геннади Шьаликәа-иԥа раԥхьаӡа акәым аредактор инапынҵақәа анынаигӡо, кыршықәса аус рыдиулахьеит ауеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Черкесский мир" ҳәа зыхьӡны кыршықәса иҭыҵуаз жәларбжьаратәи ауаажәларра-политикатә, алитература-сахьаркыратә журнал.

Геннади Шьаликәа-иԥа агәра ганы дыҟоуп ажурнал раԥхьатәи ахьӡ дырҩеигь ишазырхынҳәтәу. Макьаназы уи аҩыза азин изҭаша аԥҟаԥҵа ахьыҟам аҟнытә иҭыҵыз аномер ҿыц "Аҟазара" ҳәа ахьӡ азынхеит. Аха зегьакоуп, ажурнал ацәаҿы иануп ажәа "Аԥсны", ахьӡ хада шҩу еиԥш улаԥш иҵашәо акәымкәа, аҩышьа еиҳа иаарԥсыҽны.

"Изыхҟьаз сыздырам, аха аамҭа маҷк анабжьыз ажурнал ахьӡ аҟнытә ажәа "Аԥсны" амырхит. Уи сара усҟангьы иахьагьы сақәшаҳаҭӡам, избанзар аԥхьатәи ажәа ада ажурнал ахьӡ мыцхәы азеиԥш ҵакы аанахәеит ҳәа сгәы иаанагоит. Сгәыӷуеит анаҩстәи аномер раԥхьаӡатәи ахьӡ азырхынҳәны аҭыжьра ҳалшап ҳәа" - иазгәеиҭеит Аламиа.

Еиҭарҿыцны иҭыжьыз ажурнал ацәаҿы ахьӡ ԥсышәала мацара акәымкәа, урысшәала, англыз бызшәала, ҭырқәшәала, араб бызшәала, немец бызшәала иануп. Уи адагьы, аҩныҵҟа иагәылоу аматериалқәа жәпакы арҭ абызшәақәа рахь еиҭаганы икьыԥхьуп. Аредактор хада агәыӷра имоуп ҳаԥхьаҟа ажурнал ианылало аматериалқәа еиҭаганы акәымкәа, аханатә дара урҭ абызшәақәа рыла иҩны акьыԥхьра рылдыршалап ҳәа. Иахьатәи аамҭазы ажурнал хымз рахь знык иҭыҵуеит, атираж зықь цыра ыҟоуп. Геннади Шьаликәа-иԥа ари аҩыза апериодика аамҭа иазхартә иҟоуп ҳәа игәы иаанагоит, аха убри аамҭазгьы аҿыгҳара иҵегьы ишацҵатәу азгәеиҭеит. Избан акәзар аԥсуа ҟазараҿы иҟоуп аԥхьаҩ идугалаша ҵҩа змам аматериал.

"Ари ажурнал Аԥсны аҳәаақәа мацара аҽҭанагӡо акәымкәа, жәларбжьаратәи периодикатә кьыԥхьны иҟаларц ҳҭахуп. Избан акәзар Аԥсны анҭыҵ инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рҟнытә хыԥхьаӡара рацәала асалам шәҟәқәа соухьеит. Урҭ даараӡа ирызҿлымҳауп Аԥсны аӡбахә зҳәо аматериалқәа. Ҳара ирзазҳархиар урҭ гәахәара дула иаԥхьалоит" - иазгәеиҭеит Геннади Аламиа.

Ажурнал "Аҟазара" Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра иаоргануп. Иҭыҵуеит ԥхынгәымза 7, 1979 шықәса раахыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0