Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымра азхаҵара амш аҽны Қырҭтәылеи иареи рҳәаа анаркуеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАахыҵ Уаԥстәыла аҳәаа
Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 26 рзы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи иазгәарҭоит Урыстәыла ирыланаҳәаз Ахьыԥшымра азхаҵара амш.

АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымра азхаҵара 11 шықәса ахыҵра иадҳәалоу агәырӷьаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Қырҭтәылеи иареи рҳәаа анаркуеит, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла, Ашәарҭадаратә еилакы апресс-маҵзура аҳәамҭа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ажурналист Гурам Амқәаби Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа журналистцәа Аахыҵ Уаԥстәыла амедал ранаршьеит

Қырҭтәыла аҳәааҟны атәылауаа ирмарианы роушьҭырҭа ҭыԥ аркхоит нанҳәа 25, асааҭ 20:00 рзы. Абжьааԥнеиԥш урҭ аусура иалагоит нанҳәа 27 ашьыжь, асааҭ 6 инаркны.

Нанҳәа 26 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭоит Урыстәыла ирыланаҳәаз Ахьыԥшымра азхаҵара амш иадҳәалоу аныҳәатә уснагӡатәқәа.

Агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иҟалоит атәыла ауаажәларра ргәырӷьаратә еилатәареи аетнографиатә ныҳәа "Абдуцәа рҭынхеи". Ихдыркәшоит Г. Цховребов ихьӡ зху ақалақь астадион аҟны "Ахақәиҭра иалиааз ашәақәа" захьӡу аконцерти афеиерверки рыла.

Иара убас аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш азгәарҭоит нанҳәа 26 рзы. Ҳтәылаҟны уи ныҳәатә ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп. Иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи Аԥсны Аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь анышә иахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара, Аҟәа агәырӷьаратә концерт амҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0