Аршба иштаб аҿы Кәыҵниа аҩбатәи атур ахь дышнеиз азхарҵеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Аԥсны ахадарахь акандидат Олег Аршба
 Аԥсны ахадарахь акандидат Олег Аршба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акандидатцәа рыштабқәа рҟынтәи заанаҵтәи адыррақәа рыла Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аԥыжәара имоуп.

АҞӘА, нанҳәа 26 -Sputnik. Аԥсны ахадарахь акандидат Олег Аршба икоманда Алхас Кәыҵниа аҩбатәи атур ахь дышнеиз азханаҵеит ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Леонид Лакербаиа. Уаанӡа абри атәы иҳәахьан ахада ихаҭыԥуаҩыс ицоз Олег Барцыц.

Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны
Акандидат иалхратә штаб: аҩбатәи атур ахь днеит Алхас Кәыҵниа

"Аинформациатә маҵзурақәа маҷымкәа ҳара аҩбатәи атур ахь ҳнеиит шырҳәазгьы абыжьқәа анаҳаԥхьаӡа иаабеит 90 бжьы рыла Кәыҵниа аԥыжәара шиоуз. Ҳара Алхас Кәыҵниеи апартиа "Амцахара" ирыдаҳныҳәалоит, - иҳәеит Лакербаиа.

Атәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Ахадас иалххо аҩбатәи атур аан асиа иану алхыҩцәа рҟынтәи 25 процент иреиҵамкәа абжьы зауз иоуп. Аҩбатәи атур аан акандидат дырзаллымхыр АКХ аиҭалхрақәа рыланаҳәоит.

Аԥсны ахада иалхразы актәи атур мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 25 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0