Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит цәыббра 8 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысроуп актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит, избанзар нанҳәа 25 рзы имҩаԥысыз абжьыҭарақәа рылҵшәақәа рыла, кандидаткгьы азеиԥш бжьқәа рҟынтәи 50%-и бжьыки имоуит. Абри атәы ашәахьа, нанҳәа 26 рзы Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа адырра ҟаиҵеит.

Иара убасгьы Кәарҷиа АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы абрифинг аан Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит ахада иалхрақәа ахьымҩаԥысыз азы.

Иара иазгәеиҭеит арҭ алхрақәа Аԥсны аҭоурых аҿы ишыфбатәиу.

"Алхрақәа рымҩаԥысшьала иаҳҳәар ҳалшоит Аԥсны адемократиатә ҳәынҭқарра аҳасабала ишышьақәгылаз", - иҳәеит Жәлар Реизара аиҳабы.

Уаанӡа акандидат Олега Аршба икоманда Алхас Кәыҵниа аҩбатәи атур ахь дышнеиз азхарҵеит.

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0