Аахыҵ Уаԥстәыла ААР: Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа абџьаршьҭыхрахь икылнагар алшоит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАахыҵ Уаԥстәыла, аҳәаа Мосабруни
Аахыҵ Уаԥстәыла, аҳәаа Мосабруни - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рҳәааҿы аҭагылазаашьа иаалырҟьаны аибарххара аиуит ииасыз аԥсшьарамшқәа рзы. Ақырҭуа полициа аҳәаа иаԥну ацәаҳәаҿы аблокпост аргылара нападыркит.

АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа ареспублика ауаажәларра ирҿагылоу акәны иаԥхьаӡоит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

Ақыҭа Цнелис, Знауртәи араион аҿы, ауааԥсыра рынхарҭақәа ирцәыхарамкәа ақырҭуа ар арратә обиектқәеи анџьныртә коммуникациақәеи рыргылареи рырӷәӷәареи нападыркит.

"Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа ареспублика ауаажәларра ирҿагылоу акәны иаԥхьаӡоит, аҳәамҭагьы ҟанаҵоит аҭагылазаашьа ԥхьаҟагьы иуадаҩхар, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика аҵакыратә акзаареи ауааԥсыра ршәарҭадареи рыхьчаразы иақәнагоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит", - ҳәа Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Адәныҟаполитикатә усбарҭа агәҭынчымра аанарԥшуеит Қырҭтәыла имҩаԥнаго апровокациатә усқәа рхылҿиаазы.

Аахыҵ Уаԥстәылатәи адипломатцәа ражәақәа рыла, аҭагылазаашьа аруадаҩра иара ареспубликаҿ мацарагьы акәымкәа, арегион зегьы аҟны аҭынчра ҵнашәаауеит.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ҩ- еибашьрак ргәалашәареи, рхьааи, рҵакыи

"Ишәгәалаҳаршәоит 2008 шықәса рызтәи ахҭысқәагьы абасеиԥш иҟаз ахымҩаԥгашьа аҭыԥ шамаз, Қырҭтәыла имҩаԥнагоз аҽазыҟаҵарақәа ОБСЕ анаԥшыҩцәа рыла ишадмырбоз. Иахьа Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаԥшыҩцәа рмиссиагьы иара убасҵәҟьоуп рхы шымҩаԥырго", - ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

Абри инадҳәаланы Аахыҵ Уаԥстәыла Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла амиссиахь ааԥхьара ҟанаҵоит "бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара ҿыц" аҭыԥ аиур шалшо азы, аҳәара ауеит ақырҭуа-ауаԥс еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәаларазы апроцесс алахәылацәа зегь ақырҭуа ган анырра арҭарц, иҟоу аҭагылазаашьа аҭыԥ ақәҵара иацхраарц".

Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра "Қырҭтәыла ар абри аҭыԥ аҟынтәи иқәгазарци изакәаным аргыларақәа аанкылазарци" адҵа ҟанаҵоит.

Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла "Град" ала ареспублика иалахысуа иажәланы, аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит.

Абри ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0