Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Надараиа араса ахаҭабзиаразы: ибзиоуп азоуп ахәгьы замоу

© Sputnik Белла КварчияҬемыр Надараиа
Ҭемыр Надараиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит сынтәа араса аҽаҩра адагьы, арыц ахаҭабзиарагьы шамоу.
Надараиа араса ахаҭабзиаразы: ибзиоуп азоуп ахәгьы замоу

"Араса араион еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟынтә иааганы ҳахәаԥшит. Иаабац арасоуп. Ахаҭабзиара џьара-џьара убас ибзиоуп, ажәытәла ус ианыҟамызгьы аамҭа ыҟан. Ахаҭабзиара бзиоуп азоуп ахәгьы замоу. Араса анрырҭо иԥырҽуа жәаба рахьынтә аарыцк еибгазар, араса ахаҭабзиара еиҿкаауп ҳәа иԥхьаӡоуп, ахәгьы 80-100 мааҭк рҟынӡа инаӡоит. Ахә аџьармыкьа ахаҭа ишьақәнаргылоит, аҳәынҭқарра уа акгьы алшаӡом. Анхацәа ирымоуп азин 50 кьыла Егры аҳәаа иахганы аҭира, уахь иаҳа ахә ҳаракуп ҳәа иргоит. Иҟоуп афирмақәа Урыстәылаҟа агаразы араса еидызкылогьы, ара аҭыԥан еизганы, анаҩс машьына дула уахь иргоит", – ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0