Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур: идыртәу

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхра аҩбатәи атур мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса цәыббра 8 рзы. Ареспублика иахьаҵанакуа иаартхоит 152 алхырҭатә ҭыԥ, иара убасгьы Москвеи Черқьесски.

Бадри Есиава, Sputnik

Аҩбатәи "араунд"

Аԥсны аконституциатә закәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" ахәҭаҷ 19 ишаҳәо ала, алхратә биуллетен аҟны ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа арбазар, аха урҭ рҟынтәи аӡәгьы далхымзар, АКХ аиҭабжьыҭара рыланаҳәоит.

Подведение итогов президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымбеи Кәыҵниеи аҩбатәи атур ахь инеит

Аҩбатәи атур ахь инеир рылшоит еиҳа абжьы зырҭаз ҩыџьа акандидатцәа. 2019 шықәсазтәи алхрақәа раан еиҳа абжьқәа роуит Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи.

Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур азтәи абжьыҭара ашьҭахь ҩымчыбжь ирхымгакәа. Аҩбатәи атур аан алхрақәа мҩаԥысит ҳәа ирыԥхьаӡоит 25% алхыҩцәа алахәхазар.

Алхыҩцәа реиҳа абжьы зырҭо акандидат далхуп ҳәа дрыԥхьаӡоит.

Аиҭабжьыҭараан аӡәгьы далхымзар, аиҭалхрақәа рылаҳәахоит.

Асиақәеи аныхрақәеи

Сиала Аԥсны алхыҩцәа 126 950-ҩык ыҟоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Ахадарахьы акандидат азин имоуп цәыббра 8 аҽнынӡа агитациа амҩаԥгара.

Ареспубликаҿ алхрақәа рзы абиуџьет аҟынтәи 18 миллион мааҭ азоужьуп. Аҩбатәи атур азы аныхрақәа заанаҵы иазыԥхьагәаҭан ҳәа иҳәоит Гогьиа.

Аԥсны ахы-аҵыхәа 152 алхырҭатә ҭыԥ аартуп. Иара убасгьы Москвеи Черқьесски иаартхоит алхырҭатә ҭыԥқәа. Сҭампыл акәзар, Аԥсны ахада далырхуам.

"Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аартразы уаанӡатәи аӡбамҭа мап ацәаҳкит. Ари иаанагом иара зынӡа иаркхоит ҳәа. Актәи атур аан уа абжьыҭара ахьымҩаԥгамыз инадҳәаланы аҩбатәи атур аангьы абжьыҭара ҟалом", - иҳәеит Гогьиа.

Аԥсны ахадарахьы алхрақәа актәи ртур алҵшәақәа - Sputnik Аҧсны
Аҵыхәтәантәи алҵшәақәа: Аԥсны ахадарахьы алхрақәа актәи ртур шымҩаԥысыз

Аҭоурых

Аԥсны афбатәи алхрақәа мҩаԥгахараны иҟан ԥхынгәымзазы, аха арыцхә ииаган аоппозициа рхада Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы. Аамҭақәак рышьҭахь уи иҭыԥан ахадарахьы акандидат ҳәа иӡбахә ҳәан Алхас Кәыҵниа.

Уажәтәи алхрақәа раан кандидатцәас иқәгылан: Леонид Ӡаԥшьба, Алхас Кәыҵниа, Шамиль Аӡынба, Олег Аршба, Алмас Џьапуа, Асҭамыр Ҭарба, Асҭамыр Какалиа, Асҭамыр Оҭырба, Артур Анқәаб, Рауль Ҳаџьымба.

Аха Асҭамыр Оҭырба алхрақәа рҟынӡа дзымнеиӡеит, избанзар хаҭыԥуаҩыс ивагылаз акандидат Давид Дасаниа алхрақәа ҩымчыбжьы шрыгыз икандидатура шықәихуа азы арзаҳал иҩит. Асҭамыр Оҭырба уи ихаҭыԥан иигоз ахаҿы икандидатура ианаамҭаз АКХ ахь инеимгаӡеит.

Аԥсны ахы-аҵыхәа 152 алхырҭатә ҭыԥ аартын. Иара убасгьы Москвеи Черқьесски иаадыртит алхырҭатә ҭыԥқәа. Сҭампыл акәзар, Аԥсны ахада далырхуамызт.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Акандидатцәа рырацәара инадҳәаланы, урҭ рнысымҩақәа абиуллетен аҟны ианырымҵарц рыӡбеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0