Аҳаракыра ахьчаразы: аблокпост ахьдыргылаз Аахыҵ Уаԥстәыла апозициа ааннакылеит

© Sputnik / Виталий ДенисовАахыҵ Уаԥстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә маҵзура
Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә маҵзура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә маҵзура ақыҭа Уиста (Цнелис) ааигәара иҟоу аҳаракырақәа рҿы аҳәаахьчаратә пост дыргылеит, ареспублика атәылауаа ршәарҭадара аиҿкааразы.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа еиду аотриад ақыҭа Уиста (Цнелис) ааигәара иҟоу ҳаракырақәа рҿы аҳәаахьчаратә пост дыргылеит, ареспублика атәылауаа ршәарҭадара аиҿкааразы. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

"2019 шықәса нанҳәа 23 инаркны Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рҳәааҿы аҭагылазаашьа иаалырҟьаны аибарххарахь икылсит. Ақырҭуа полициа аҳәаа иаԥну ацәаҳәаҿы Капребис-сери ашьхеибаркыраҿы аблокпост аргылара нападыркит. Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа ареспублика ауаажәларра ирҿагылоу, аҳәаа иаԥну араионқәа аннексиа рзура иазырханы иаԥхьаӡоит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ракәзар, ашәарҭара иҭагылоуп", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.

Аахыҵ Уаԥстәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа атәыла ахада Анатоли Бибилов инапынҵала ақыҭа Уиста иахьаҵанакуа агуманитартә операциа изаамҭанытәиу аетап анагӡара нап адыркит.

"Ақырҭуа ган ақыҭа Уиста иахьаҵанакуа аҳәынҭқарратә ҳәааҿы апровокациақәа мҩаԥыргар ахьалшо азы Аахыҵ Уаԥстәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аотриад аҳаракыра 944,8 ааныркылеит. Абри аҭыԥ аҿы аҳәынҭқарратә ҳәаахьчаратә дыргеи Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә бираҟи ықәдыргылеит", - ҳәа азгәарҭеит ареспублика АШәМ аҟны.

Аоперациа агуманитартә ҟазшьа амоуп ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Аахыҵ Уаԥстәыла, аҳәаа Мосабруни - Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Уаԥстәыла ААР: Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа абџьаршьҭыхрахь икылнагар алшоит

"Аахыҵ Уаԥстәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аотриад имҩаԥнагаз аусқәа аҳәаа иаԥну аиланхарҭақәа Кобии Чорчонеи руааԥсыра рзы шәарҭарак аҵам, иззырхоу Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра ршәарҭадара аиҿкаароуп, арегион аҿы арра-политикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалароуп", - ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит АШәМ аҟны.

Аахыҵ Уаԥстәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура апресс-маӡаныҟәгаҩ Екатерина Биазрова лажәақәа рыла, Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аотриад аҳаракырахь анеира ззырхоу ақырҭуа мчрақәа абри аҵакырадгьылхәҭа рнапахьы иаарымгарц ауп.

Лара лажәақәа рыла, ареспублика амҩатә маҵзурақәа нападыркит абри аҭыԥ ахь амҩа арыцқьара, аҳәаахьчаҩцәа рпост аусура аҭышәныртәаларазы.

Аахыҵ Уаԥстәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа атәыла ахада Анатоли Бибилов инапынҵала ақыҭа Уиста иахьаҵанакуа агуманитартә операциа изаамҭанытәиу аетап анагӡара нап адыркит, иара аҭынчратә ҟазшьоуп иамоу ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

"Аахыҵ Уаԥстәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа ақыҭа Уиста иахьаҵанакуа агуманитартә операциа ҷыда изаамҭанытәиу аетап анагӡара нап адыркит, иара аҭынчратә ҟазшьоуп иамоу. Уи азырхоуп Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра ршәарҭадара аиҿкаареи арегион аҿы арра-политикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи", - ҳәа азгәарҭоит аминистрраҿгьыы.

Иара убасгьы аминистрраҿы иазгәарҭеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аган ақырҭуа мчрақәа абри аҭыԥ ахь рнеира азакәаншьаҭа амам ҳәа, урҭ арантәи иалганы аблокпост аргылара аанкыланы аус еиҿкаатәуп ҳәа иахәаԥшуеит.

Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаа аҭышәныртәаларахь ақырҭуа ган аанаԥхьоит

Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа ареспублика ауаажәларра ирҿагылоу акәны иаԥхьаӡоит, аҳәамҭагьы ҟанаҵоит аҭагылазаашьа ԥхьаҟагьы иуадаҩхар, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика аҵакыратә акзаареи ауааԥсыра ршәарҭадареи рыхьчаразы иақәнагоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит ҳәа.

Знауртәи араион ақыҭа Цнелис ааигәара, аҭыԥантәи ауааԥсыра рынхарҭақәа ирцәыхарамкәа, ақырҭуа ар аблокпост аргылара нападыркит нанҳәа 23 рзы...

Аблокпост ахьдыргылоз аҭыԥ Аахыҵ Уаԥстәыла аҵакыра иатәуп. Нанҳәа 29 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа МПРИ (Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи аҭак рыҭареи рзы Амеханизм) аформат ала 95-тәи аиԥылара ааннажьит Қырҭтәыла аҳәааҿы иаргыло аблокпост аргылара ари аиҿкаара иааннакыларц агәы иахьҭам азы.

Аибарххаратә ҭагылазаашьа ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь инаган Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ, ОМОН уҳәа егьырҭ амчратә еилазаарақәа. Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаахьчаҩцәа акәылӡтәы техника ала ареид мҩаԥыргеит аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы.

Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла "Град" ала ареспублика иалахысуа иажәланы аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит.

Абри ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа, нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0