Аахыҵ Уаԥстәылатәи анаԥшыҩцәа алхрақәа аҩбатәи ртур иалахәхоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны алхрақәа
Аԥсны алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа актәи атур амҩаԥгараан Аԥсны алхрақәа ирхылаԥшуан 60-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа. Актәи атур амҩаԥысра ашьҭахь анаԥшыҩцәа зегьы еицазгәарҭеит алхрақәа азакәаншьаҭа рыманы, аимак-аиҿак ыҟамкәа имҩаԥысит ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан анаԥшыҩцәа рыҳасаб ала иалахәхараны иҟоуп ҳәа Sputnik Аԥсны акорреспондент илзеиҭеиҳәеит жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа алахәыла Алан Џьуссоев.

"Актәи атур амҩаԥгараан ҳара алхырҭатә ҭыԥқәа фба ҳарҭааит. Иаабоз зегьы азакәан иақәшәо имҩаԥысуан. Сара даара исгәаԥхеит акомиссиақәа русура. Аҩбатәи атур аангьы иара убасеиԥш аиҿкаара ҟалап ҳәа ҳгәыӷуеит. Аԥсуа жәлар иалырхуа адгылара иаҳҭоит", - иҳәеит Алан Џьуссоев.

Алан Џьуссоев идагьы аделегациа далахәуп Апарламент аиҳабы Пиотр Гассиев.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Урыстәыла Афедерациатә хеилак жәларбжьаратәи аилак ахада ихаҭыԥуаҩ Фарит Мухаметшини иара убри аилак алахәыла Алексеи Кондратиеви Аԥсныҟа иаауеит наԥшыҩцәак рыҳасаб ала аҩбатәи атур амҩаԥысраан.

Аԥсны АКХ аҳәамҭа ҟанаҵеит нанҳәа 25 рзы алхыҩцәа ралахәра 65,18% артәеит, алхрақәа ирылахәын 82 752 ауааԥсыра ҳәа.

Аҩбатәи атур ахь инеит Рауль Ҳаџьымбеи (24,83%) апартиа "Амцахара" акандидат Алхас Кәыҵниеи (22,91%).

Аҩбатәи атур мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса, цәыббра 8 рзы. Ареспублика иахьаҵанакуа иаартхоит 152 алхырҭатә ҭыԥ, иара убасгьы Москвеи Черқьесски.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0