Археологиатә ԥшаарақәа шымҩаԥысуеи, иԥшаау артефактқәеи ртәы Sputnik аматериал аҿы.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik
Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы ажәытә қалақь Диоскуриада ашьҭамҭа аԥшаара иаҿуп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Игор Ҵнариа.
Аҵарауаа ргәаанагарала, абри аҭыԥ аҟны акәзар алшоит ажәытә қалақь Диоскуриада ахьыҟаз.
Аҭҵаарақәа азеиԥш хьӡы "Колхидатәи аекспедициа" ҳәа рымоуп. "Кәыдрытәи аекспедициа" археологцәа Игор Ҵнариеи Андреи Белинскии напхгара арҭоит.
Ари аекспедициа аусура хышықәса ирықәууп. Аԥхьатәи аҩышықәса аҵарауаа аҩымҭатә хыҵхырҭақәа ҭырҵаауан. Игор Ҵнариа иажәақәа рыла, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Дырмит Гәлиа Шәкәырчеи Диоскуриеи рыхьыӡқәа еихаршалоуп ҳәа ишьон.
"Уаанӡа Диоскуриа иахьатәи аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿоуп иахьыҟоу ҳәа иршьон. 1950-1960 шықәсқәа раан уа аԥшаарақәа мҩаԥыргон. Аха ирымԥыхьашәоз артефактқәа зегьы ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәса еиҳамызт. Ақалақь ахьыҟаз аҭыԥ иахьазгьы иаҳзымаӡоуп", - иҳәоит Игор Ҵнариа.
2019 шықәса рзы аҵарауаа инарҭбаау аԥшаарақәа мҩаԥыргеит. Аԥшаарақәа ирылахәын 70-ҩык рҟынӡа археологцәа, астудентцәа.
Шәкәырча иахьаҵанакуа археологцәа ирымԥыхьашәеит аџьаз аамҭа хьшәеи антикатәи аамҭеи рмаҭәарқәа. Ҵнариа ишиҳәо ала, абырзенцәа аанӡа абарҭ аҭыԥқәа рҿы инхон колхаа. Урҭ иара убасгьы агениохцәа ҳәа ирышьҭоуп. Дара Агных иамҵаныҳәон. Уи аныҳәара иахьа имҩаԥыргоит Амԥараа рыжәлантәқәа.
"Аӡҩыбжьа иаабеит Агных атрибутқәа зну акыцлыхқәа. Ҳгәаанагарала, ари ауаа реиланхарҭа ҳера ҟалаанӡа X-IX ашәышықәсахь иаҵанакуеит", - иҳәоит Игор Ҵнариа.
Аӡҩыбжьа ирбаз иреиҳабу аԥшаах ҳера ҟалаанӡа VII - VI ашәышықәса иаҵанакуеит. Ара аҵарауаа ирбеит аџьыкаршырҭақәа. Урҭ аԥсуааи абырзенқәеи аилахәаахәҭра шрымаз удырбоит.
Шәкәырча ааигәаратәи аҭыԥ Балан аҿы ирыԥшааит Диоскуриада иақәлоуп ҳәа ирыԥхьаӡаз абаахырӷәӷәарҭа. Уи антикатәи аамҭа иаҵанакуеит.
Абаахырӷәӷәарҭа ааигәара агеорадар ала археологцәа ирыԥшааит ажәытә амфитеатр. Уи ажәытәан агладиаторцәа ахьықәгылоз амфитеатрқәа акыр иреиԥшуп.
Аҭыԥ мрагыларатәи ахәҭаҿы ирбеит ажәытәуаа ргыларҭа. Иԥшаауп акыц, ахраҿақәа, аԥсақәа. Урҭ зегьы ҳера ҟалаанӡа VII-VI ашәышықәса иаҵанакуеит.
Ҵнариа археолог Михаил Ҭраԥшь изкны: зҭоурых азы иҳаҵҳаҵоз иакәын>>
"Аԥшаахқәа рацәаны иҳамоуп. Урыстәылатәии Аԥснытәии астудентцәа ҳацхраауеит. Уаанӡа Ешыратәи агыларҭа ҭызҵаауаз Ирина Ксенофонтова уажәы ара аус ҳацылуеит", - ҳәа иҳәеит Игор Ҵнариа.
Аӡҩыбжьатәи аԥшаарақәа хдыркәшоит цәыббра 15 рзы. Анаҩс археологцәа ргәы иҭоуп аҭыԥ ахсаала аҟаҵареи артефактқәа рыҭҵаареи рзы алаборатортә усурақәа рымҩаԥгара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Очамчыратәи аԥшаах иану аҩыра абызшәа шьақәдыргылеит
-
Ажәытә бааш хыжәжәара: археологцәа иҭырҵааит Аԥсуа Баагәара ду даҽа хәҭак