"Аԥышәа иаҳнарбоит кыр шықәса раахыс иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҭаларазы иааиуа ахәыҷқәа рдырра аҩаӡара инеидкыланы иуҳәозар ишылаҟәу. Изааӡарызеи, уи ус иҟоуп, иахьа ицәырҵыз уадаҩраӡам. Ҳара жәабранмзазы иааҳартуеит азыҟаҵаратә ҟәша, уигьы ахә шәатәуп, ҳәарас иаҭахузеи. Убри азыҟаҵаратә ҟәшаҟны иазыҟаҳҵо рыла 70-80 рҟынӡа ҳконтингент хаҳарҭәаауеит. Иалырхыз азанааҭ ала ԥшьымз-хәымз иазыҟаҳҵоит, амаҭәарқәа дҳарҵоит. Уи анаҩс имҩаԥаагоит аԥышәарақәа, урҭ азҭаз аҵара иҭалоит. Уа ирзамҭар, рарзаҳалқәа алаҵаны аԥхын аҵараиурҭа аҭаларазы имҩаԥысуа азеиԥш ԥышәарақәа ҩаԥхьа рхы рыладырхәыр алшоит. Ус анакәха, ҩынтә аԥышәарахь инеир рылшоит. 350 рҟынӡа арзаҳалқәа аларҵеит, иҳадаҳкылоит 100-120 ҩык рҟынӡа, азыҟаҵарақәа рыбзоурала рдыррақәа хәыҷык иҭаҳгоит, абас ауп ҳааишьа шыҟоу", - иҳәеит Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Кәарҷиа иҳәеит иарбан занааҭу Аҟәатәи Иаарту аинститут аҟны иаҳа имаҷны изыдҵаало