Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иқәгылара хыркәшоуп

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхра аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы. Еиндаҭлон Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы. Заанаҵтәи адыррақәа рыла Алхас Кәыҵниа изы рыбжьы арҭеит 38 742-ҩык – 46,19%, Рауль Ҳаџьымба изы 39 741-ҩык – 47, 38%.

Зынӡа иааидкыланы цәыббра 8 рзы рыбжьы арҭеит 83 883-ҩык ауааԥсыра. Уи азеиԥш сиа ахыԥхьаӡараҟынтә иартәоит 65, 98%.

Ажәабжьқәа зегьы
0