Иреиҳаӡоу аӡбарҭа цәыббра 13 рзы Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ианахәаԥшуа амш азгәарҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукИреиҳаӡоу аӡбарҭа
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхас Кәыҵниа цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит Аԥсны Алхратә комиссиа хада аӡбамҭа азакәан шьаҭа агәаҭаразы.

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа цәыббра 13 рзы Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахьала аилатәара аныҟало амш азгәарҭоит ҳәа аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура.

Закәанла аӡбарҭа аусутә мшқәа жәаба рыҩнуҵҟала аӡбамҭа аднакылароуп. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаднакыло аӡбамҭа ахашшаара азухар ҟалоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиаҿи Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҿи.

Алхас Кәыҵниа цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы. Закәанла аӡбарҭа жәамш рыҩнуҵҟа уи азы аӡбамҭа аднакылароуп.

Алхас Квициниа - Sputnik Аҧсны
Алхас Кәыҵниа аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит

Алхас Кәыҵниа игәаанагарала, алхрақәа раан аиааира згаз абжьқәа реиҳарак рыла далхтәуп, аха убри аан "зегьы сырҿагылоит" ҳәа зыбжьы азҭаз рыбжьқәеи аоппонент изы иаҭаз абыжьқәеи еилаҵаны раасҭа еиҳаны абжьы имазароуп.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьқәа реиҳарак рыла далхызарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭарақәа рыламҭалаз. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа цәырнагоит. Уа иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан иаиааиз дшалкаатәу. Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа Аԥсны Апарламенти Аконституциатәии Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәеи рахь ацхыраараз ашәҟәқәа наишьҭит.

"Апарламент адепутатцәа аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рымоуп. Ҳашәҟәы аҭакс "Аԥсны Аҳәынҭқарра адепутат иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 15 ҳазхьадырԥшит", - иҳәеит Гогьиа.

Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0