Ахәыҷқәа рзы акризистә центр аартра азыԥхьагәаҭоуп

CC0 / / Ребенок
Ребенок - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иманшәалам аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рзы акризистә центр аартра азыԥхьагәаҭоуп. Абри азы аусурақәа шымҩаԥысуеи, ари азҵаараҿы уадаҩрақәас иҟоуи ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Аԥсны иманшәалам аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рзы акризистә центр аартра азыԥхьагәаҭоуп Аҟәа араион аҿы. Ацентр аҿы ахәыҷқәа ыҟазаауеит адуцәа рхылаԥшуа, ԥхьаҟатәи рлахьынҵа еилкаахаанӡа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзи апарламенттә еилакы ахантәаҩы Алхас Џьынџьолиа еиҭеиҳәеит ҩышықәса ишрықәу ареспубликаҿ абри аҩыза ацентр аартра алацәажәара.

Авидзба Бадрак - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба хылаԥшра згу ахәыҷқәа аамҭалатәи раанҿасырҭазы: ахыбра ԥшаауп

Ацентр ахь инаргар рылшоит аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩ ианиаз ахәыҷқәа. Адепутат Џьынџьолиа иазгәеиҭеит ахәыҷқәа рыдкылараз хҭысцыԥхьаӡа ҷыдала ишазнеиуа.

Иара иажәақәа рыла азинхьчаратә органқәа ахәыҷқәа реиԥш аҭаацәарақәагьы рылаԥш шырху. Иҟалалоит аҭагылазаашьақәа ахәыҷқәа цәгьарак руны ианааныркыла амилициа ма апрокуратура аусзуҩцәа рҟны ианыԥхьо, ргарҭа шыҟам.

Ахәыҷәты центр ахь инарго рызҵаара рыӡбоит асоциалтә усзуҩцәа. Ацентр аҿы ахәыҷқәа иаҭахны иҟалар амедицинатә цхыраарагьы роулоит.

"Сзыҿцәажәо реиҳараҩык Аԥсны иахьаҵанакуа Ахәыҷы иҩны аартра иадгылаҩцәам. Ҳазлацәажәо аамҭала ахәыҷқәа ахьабо акризистә центр ауп", - иҳәеит иара.

Ацентр Аԥсны аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра анапаҵаҟа иҟалоит.

"Ахәыҷы апроблема имоуп ҳәа анҳаҳалак ацхыраара иаҳҭоит", - лҳәоит аминистрра аусзуҩ Ольга Мороз.

Лара иара убасгьы илҳәеит аминистрра Ахәыҷы иҩны аартра ишақәшаҳаҭым, ацентргьы аҽа хырхарҭак аҭаны ишабо.

Лиудмила Адлеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Адлеиԥҳа хылаԥшрада иҟоу ахәыҷқәа рыҩназы: аԥсуаа бзиарас иҳамоу зегьы адҵатәуп

Ацентр аҿы ахәыҷқәа ыҟазаауеит адуцәа рхылаԥшуа, ԥхьаҟатәи рлахьынҵа еилкаахаанӡа. Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрраҿгьы аидеиа иадгылоит.

"Аҳәынҭқарратә органқәа ацентр аартра ахәҭаны иахәаԥшуазар, ҳара мап ацәаҳкуам", - рҳәеит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрраҿы.

Адепутат Алхас Џьынџьолиа иҳәеит Аҟәа араион аҿы ишыҟоу ацентр аауртыр ахьалшо ашколтә хыбра. Ахәыҷқәа уа мызкы инаркны шықәсыкынӡа рыҟазаара еиҿкаахоит.

Адепутат иажәақәа рыла ацентр аԥҵаразы асмета макьаназ ишышьақәыргылам, аартра аҿҳәарагьы макьаназ ишалацәажәам.

2004 шықәса рзгьы абри азҵаара шьҭыхын аха аҵыхәанӡа анагӡара амоуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0