Атәылахьчара аминистрра: Урыстәыла Аԥсны ар ҳаамҭа иашьашәалартә еиқәнаршәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Арбџьармчқәа
Аԥсны Арбџьармчқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит Аԥсны Арбџьармчқәа рмодернизациа аԥаразоужьра амҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩызарц.

АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik. Аԥсны Арбџьармчқәа рмодернизациазы аԥаразоужьра амҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩын нанҳәамзазы. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аҩтәылак рминистрцәа - Мираб Кьышьмариеи Сергеи Шоигуи.

Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсны Арбџьармчқәа ҳаамҭа иақәшәо бџьарла реиқәыршәара ҳәа иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Атәылахьчара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Роланд Џьоџьуа.

"Раԥхьа иргыланы излацәажәо Аԥсны Арбџьармчқәа рмодернизациа иадҳәалоу аԥаразоужьра амҩаԥгароуп. Арахь иаҵанакуеит ар еиуеиԥшым абџьархкыла реиқәыршәареиԥш арратә напхгараҭара астандартқәа шьаҿа-шьаҿала аунификациа рзура, аматериал-техникатә еиқәыршәара, аԥаратәи егьырҭ асоциалтәи шәарақәа рымҩаԥгара", - иҳәеит Џьоџьуа.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра алархәны аԥсуа гани дареи реилацәажәара рнапы ианҵоуп.

Нанҳәа 23 рзы Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа Москва диԥылеит иколлега Сергеи Шоигу. Атәылахьчарақәа рминистррақәа рхадацәа аҩтәылак русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убасгьы Москвеи Аҟәеи рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рмодернизациа аԥаразоужьразы аиқәшаҳаҭра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0