Ашәҟәыԥхьара адԥхьаларазы: имҩаԥысит арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа"

© Sputnik / Айнар Читанава Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа: VII Арт-фестиваль шымҩаԥысыз
Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа: VII Арт-фестиваль шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VII Жәларбжьаратәи Аҿартә арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" мҩаԥысит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи амилаҭтә библиотекаҿы. Уи девизны иаман  "Ашәҟәы шҳацу XXI ашәышықәсахь".

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik

Акультура-массатә усмҩаԥгатә "Аԥшаҳәаҟны анеиааира" аатит асааҭ 12 рзы. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, аусмҩаԥгатә хықәкқәас иамоуп ашәҟәы аӡыргара, ашәҟәыԥхьара аларҵәара, аҿар рдыррақәа реизырҳара уҳәа.

Аҿартә арт-фестиваль аҟны ацәыргақәҵақәеи аусмҩаԥгатәқәеи хәҭа-хәҭала еихшан: иҟан алитературеи абиблиотекақәеи рҭыԥ, амузеи аҭыԥ, лаԥшылатәи аҟазареи амилаҭтә напҟазареи рҭыԥ, аспорт еицлабрақәа рҭыԥ. Иара убас амодеи, акәашареи, амузыкеи рҭыԥ асценаҿы иалхын. Уа иқәгылон Аԥсны араионқәеи Урыстәыла атәылаҿацәқәеи рҟнытә ахәыҷтәы рҿиаратә гәыԥқәа.

© Sputnik / Айнар Читанава Аԥсны ахаҿсахьақәа ацәыргақәҵаҿы иаарԥшын
Ашәҟәыԥхьара адԥхьаларазы: имҩаԥысит арт-фестиваль Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахаҿсахьақәа ацәыргақәҵаҿы иаарԥшын

Афестиваль аартуа, И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа уи амҩаԥгара хықәкы хадас ишамоу азгәеиҭеит ашәҟәыԥхьаратә культура аӡыргара.

"Ҳара ҳфестиваль быжьшықәса раахыс традициак иаҩызахеит, уи угәы иамыхәар залшом. Ари аамҭа иалагӡаны афестиваль алахәылацәа рхыԥхьаӡара иазҳаит, аҭааҩцәа ирыдаҳгало ажанрқәагьы хкы рацәала рыҽдырҭбааит. Шәареи ҳареи ҳамчқәа еилаҵаны ҳазнеиуеит еицаҳзеиԥшу ахықәкы: Аԥсынтәыла ашәҟәыԥхьара аҳра ахьауа ҳәынҭқарраны аҟаҵара. Ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш знапы иаку аҿар ирзеиӷьасшьоит ашәҟәы агәыбылра, ҳмилаҭтә культура аихаҳара", - иҳәеит Ҷолариа.

Мышқәак раԥхьа Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәаа алахәын "Абиблиотекақәа рыла аԥеиԥш ахь" захьӡыз Жәларбжьаратәи  аконференциа. Уи ахьымҩаԥысуаз Иван Варава ихьӡ зху Краснодартәи атәылаҿацә ақәыԥшцәа рбиблиотека ахаҭарнакгьы Арт-фестиваль даҭааит. Роман Быков иазгәеиҭеит быжьшықәса раахыс ари афестиваль ауаажәларратә ҵак ду шаанахәаз, Аԥсны анҭыҵгьы азҿлымҳара шамоу.

"Ашәҟәи ашәҟәыԥхьареи рӡыргара аус азы абиблиотекақәа ирыдло ҭакԥхықәра дууп. Агәра ганы сыҟоуп ари апроект аҿар рҟыбаҩ аадырԥшырц азы иҿыцу аидеиақәеи агәаҳәареи шрынаҭо. Ҳара ҳбиблиотекақәа кыршықәса раахыс еимадоуп, аус еицыруеит, ирацәангьы еиҭанеиааиуеит. Иара убас иахьа ҳара ҳгәы иҭоуп ҳхатә проектқәа шәырдырра аԥышәа аимдаразы".

Саратовтәи абиблиотека аусзуҩцәа Аԥсуа милаҭтә библиотека иазааргеит аратәи афонд иазымхоз ашәҟәқәа жәпакы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы: аенциклопедиатә ажәар "Гранат" хԥа-ԥшьба том, Иури Калмыков иҩымҭақәа, иара убас "Аԥсны архитектуратә баҟақәа рдунеи аҟны" захьӡу ашәҟәы. Уажәаԥхьа Аԥснытәи амилаҭтә библиотека ари аҭыжьымҭа екземплиар заҵәык акәын иамаз.

© Sputnik / Айнар Читанава Асахьаҭыхра иазҟазоу ахәыҷқәа рсахьақәагьы цәыргақәҵан
Ашәҟәыԥхьара адԥхьаларазы: имҩаԥысит арт-фестиваль Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхра иазҟазоу ахәыҷқәа рсахьақәагьы цәыргақәҵан

Очамчыратәи аҟазаратә школ аҵаҩы Мадина Кикориаԥҳа асахьаҭыхра лнапы алакуижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит, аха Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааира" лхы алалырхәуеит раԥхьаӡакәны. Лара лажәақәа рыла, ацәыргақәҵаҿы иҟоу лусумҭа амра аҭашәамҭазы амшын аԥшаҳәаҿы дтәаны иҭылхит. Аҟаза қәыԥш лырҵаҩы Лиудмила Лукааԥҳа Мадина иреиӷьу аҵаҩцәа дышреиуоу, абаҩхатәра шлылоу имӡакәа илҳәеит.

"Арҽхәара дыбжьнахӡом", - иацылҵеит арҵаҩы.

Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аиҳабы лмаӡаныҟәгаҩ Ирма Шәқьериаԥҳа лажәақәа рыла, Арт-фестиваль мҩаԥысуеижьҭеи есышықәса уи рҽаладырхәуеит, еиҳа-еиҳа ирацәахоит ацәыргақәҵахь иаарго аекспонатқәагьы.

© Sputnik / Айнар Читанава Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку ацәыргақәҵа аартын арт-фестиваль аҟны.
Ашәҟәыԥхьара адԥхьаларазы: имҩаԥысит арт-фестиваль Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку ацәыргақәҵа аартын арт-фестиваль аҟны.

Хкы рацәала ицәыргақәҵаз аибашьратә фотосахьақәа рыдагьы, ара иҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа злеибашьуаз абџьар акы-ҩба, иара убас хышықәса раԥхьа Ԥсҳәы ирыԥшааз 1941-45 шықәсқәа рызтәи аибашьра Ду иахаану ашәақь. Аекспонатқәа ирылан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Ҭемыр Бигәаа ашәа "Вспомним, ребята, мы гумистинский бой" злеиҳәоз агитарагьы.

VII Жәларбжьаратәи Аҿартә Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" аатит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы асааҭ 12:00 рзы. Асааҭ 23:00 рзы аусмҩаԥгатәқәа зегьы хыркәшахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0