Арт-фестиваль "Амшын аԥшаҳәаҿтәи анаиааира" аԥхьаҩцәа ацнаҵап ҳәа ҳгәыӷуеит, иҳәеит Аԥснытәи амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Апроект иалагӡаны, Аҟәа аԥшаҳәаҿы еиҿкаахеит, алитература, амузеи, асахьаҭыхра, амода, амилаҭтә наплакы, акәашара, амузыка, аспорт, уҳәа рыла аицлабрақәа.
Алитература, амузыка, амилаҭтә наплакы: "Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеиааира" аатит Аҟәа
© Sputnik / Томас Ҭҳаиҵыкә , Бадри Есиава
Анапаҵаҩра
Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека еиҿнакааит "Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеиааира" захьӡу Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль.