Аԥыза-министр далацәажәеит атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны ишыҟоу

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара
Аԥсны ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 9 рзы. Ауснагӡатә ахь ааԥхьара роуеит аҳәаанырцәтәи аделегациақәа.

АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 9 рзы, 2014 шықәсазтәи ауснагӡатә амҩаԥгашьа инақәыршәаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥыза-министр Валери Бганба.

Иара иажәақәа рыла ацеремониа апроцедура ԥсаххом. Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь ахада инапаҿы иркхоит амҳәыр, аштандарт, алабашьа, аҳәа.

"Иалху ахада Апарламенти Аконституциатә ӡбарҭеи рҿаԥхьа аҭоуба шьҭеиҵоит. Уаанӡа ахада Апарламенти Иреиҳаӡоу Аӡбарҭеи рҿаԥхьа аҭоуба шьҭеиҵон, аха 2014 шықәса раахыс Аконституциатә ӡбарҭа аусура иалагеит. Убри инамаданы атәыла ахада Аконституциатә ӡбарҭа алахәылацәеи адепутатцәеи рҿаԥхьа аҭоубашьҭаҵара мҩаԥигоит", - ҳәа иҳәоит Валери Бганба.

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа амҩаԥгарахь иааԥхьоуп ареспублика араионқәа зегь рҟынтәи асасцәа, иара убасгьы Москвеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи рҟынтәи.

"Макьаназ асасцәа рсиа шьақәырӷәӷәам. Аха ҳарзыԥшуп Москвеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи рҟынтәи асасцәа. Аԥсны азхазҵаз атәылақәа рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит", - иҳәеит иара.

Аҭоубашьҭаҵара амш аҽны азинхьчаратә усбарҭақәа ашәарҭадара еиҿыркаауеит ареспублика иахьаҵанакуа.

"Ари иаабац усурахоит. Азинеиҿкаара мҩаԥызго рхыԥхьаӡара иазҳар шалшогьы. Акызаҵәык аҳәааҿы еиҳа ирӷәӷәахоит", - ҳәа ациҵоит аԥыза-министр.

Аԥсны ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 9 рзы. Ауснагӡатә ахь ааԥхьара роуеит аҳәаанырцәтәи аделегациақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0