Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Роберт Џьӷамазиа ихы дақәиҭнатәит ичымазара иахҟьаны

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа цәыббра 25 рзы иахәаԥшит зыԥҳа лышьразы 11 шықәса зықәҵаз Роберт Џьӷамазиа игәабзиара аҭагылазаашьа иахҟьаны заанаҵ ихы иақәиҭтәра мап ацәкразы Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа ақәҵарахь акассациатә шшра.

АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Акассациатә коллегиа иаӡбеит зыԥҳа, Анжела Џьӷамазиа, лышьразы ахара зыдҵаз Роберт Џьӷамазиа заанаҵ ихы дақәиҭтәызарц.

Нанҳәа 30, 2019 шықәса рзы ахара зыдҵоу Роберт Џьӷамазиа идукат Марина Ҭаниаԥҳа Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭахь азыҳәа налышьҭит уи дахьычмазаҩу инамаданы. Џьӷамазиа акьыба чымазара илаҽны дыҟоуп, уи официалла аҳақьымцәа ишьақәдырӷәӷәеит, урҭ адокументқәа ашьаус иалаҵоуп.

Џьӷамазиаа рҭаацәара ацхыраара риҭоит Зураб Ачба - Sputnik Аҧсны
Акыр зычҳаз акыр ибеит: агәаҟрақәа ириааиз аҭаацәара

Иахьатәи аамҭазы абаандаҩы Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп, ахимиотерапиа акурс дахысуеит.

Иршьыз Анжела Џьӷамазиа лан Жанна Сергеева лыԥсҭазаареи лхәыҷқәа рыԥсҭазаареи дышрыцәшәо лҳәеит, избанзар мызқәак раԥхьа иара ҭелла дылзасны диршәон. Аха уи афакт шьақәзырӷәӷәоз ҳәа акгьы лзаамгеит.

Роберт Џьӷамазиа иашьцәа гәакьацәа ҩыџьа арзаҳал рҩит Жанна Сергеева лҭаацәа ашәарҭадара рхахьы ишырго азы. Аха ари ашәҟәы ашьаусеилыргара иалаҵамызт.

Ахара идызҵо аган ақәшаҳаҭмызт уи заанаҵ ихақәиҭтәра, избанзар, дышҭакугьы, иаҭаху амедициантә цхыррара усгьы иоуеит, иара убас иара иҟаиҵаз ацәгьоура акыр ихьанҭоуп, убри азы заанаҵ иоушьҭра алуршар ҟалом ҳәа азыԥхьаӡаны.

Идукат иажәақәа рыла, Џьӷамазиа ауааԥсыра рзы дшәарҭам, избанзар игәабзиара злаҟоу ала, иара ииарҭагьы дзылҵуам. Абри ашьҭахь Жанна Сергеева илҳәеит ихы дақәиҭыртәыргьы, мап шацәылымкуа, аӡбарҭа иаднакыло аӡбамҭа дшадгыло.

Судебный молоток и книги - Sputnik Аҧсны
Роберт Џьӷамазиа 11 шықәса иқәырҵеит

Аӡбарҭа иаӡбеит иара убас Роберт Џьӷамазиа игәабзиара анышьақәгылалак ҩаԥхьа дҭакызарц.

Мшаԥы 17, 2018 шықәсазы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа Роберт Џьӷамазиа 11 шықәса иқәырҵеит Анжела Џьӷамазиа лышьразы.

Рашәара 17 асааҭ 21:00 рзы Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан Анжела Џьӷамазиа лыԥсыбаҩ рыԥшааит. Аӡӷаб илеихсны дшьын. Лара илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аҭыԥ аҿы лыԥсҭазаара далҵит.

Роберт Џьӷамазиа даанкылан Очамчыра араион, Акәасқьа ақыҭан, 2017 шықәса цәыббра 26 рзы. Ашьаусҭҵаара ишышьақәнаргылаз ала, Роберт Џьӷамазиа ари ацәгьоуара анагӡашьа заанаҵы еиҿикааит.

Ари ахҭыс аԥхьа Џьӷамазиаа рҭаацәа даҽа рыцҳаракгьы иақәшәеит. Рашәарамза 2017 шықәсазы аиҳәшьҵәа Џьӷамазиаа рахьтә зықәра намӡац руаӡәы лцәа ԥиҽит Анжела илдыруаз Асҭамыр Џьапуа. Уи 20 шықәса аҭакра иқәҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0