Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барганџьиа: акарпыжә маҷны ианыҟоу ахә ашьҭыхра, ирацәаны ианыҟоу аларҟәра иашам

© Sputnik / Томас ТхайцукЕдуард Барганџьиа
Едуард Барганџьиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа акарпыжә аҽаҩреи уи аҭиреи зеиԥшраз атәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Барганџьиа акарпыжә аҽаҩра иазкны

"Ҵыԥх, ҵыԥхцәа иаадрыхуаз аиҳа сынтәа акарпыжә еиҳаны иаадрыхит. Амшқәа бзиан, уи аҽаҩра ианыԥшит, анхаҩцәагьы нап адыркылеит. Ф-нызқь тонна рҟынӡа ҳауеит ҳәа ҳарзыԥшын. Уи аҩыза аинформациа ҳауит араионқәа рҟынтә. Иара ҟалеит, аха ҳара ҳаҩнуҵҟа иҟам ус еиԥш алшара, иҳауз аҽаҩра зегьы аҭира. Ҳара ҳарзыԥшын аԥсшьаҩцәа, дара роуп еиҳарак ҳзықәгәыӷуаз, анхаҩцәа рџьабаа мыӡыртә еиԥш, алҵшәа роуртә еиԥш. Аха ахә анышьақәдыргылалак иахәаԥштәуп ҳәа сгәы ианаагоит. Акарпыжә аҟалара ианалагалак иҟоу ахә ала ииасаанӡа иузыҭиӡом. Имаҷны ианыҟоу ишьҭыхны, ирацәаны ианыҟоу иларҟәуа - ус ииашам. Ахәқәа ишахәҭоу еиԥш ишьақәыргыланы, анхаҩгьы аахәаҩгьы ирзыфеиданы иҟаҵатәуп. Иаазрыхуа ихала аџьармыкьаҿы днеины иҭииртә еиԥш аҭагылазаашьа имазароуп, абжьахәааҳәҭыҩцәа русурагьы иаԥырхагоуп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Барганџьиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0