Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кобахьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ажәытә хыбра абылра шыҟалаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кобахьиа
Аслан Кобахьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахақәитәразы аоперациа анымҩаԥыргоз, Аԥсны аминистрцәа реилазаара ажәытәтәи ахыбра аиқәырхара рылшозма аԥсуа еибашьцәа, ари азҵааразы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит 1992-1993 шықәсқәа рзы артиллериа акомандаҟаҵаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Аслан Кобахьиа.
Афырхацәа рымҩала: Кобахьиа аминистрцәа реилазаара ажәытәтәи ахыбразы

"Быжьба-ааба баталион ирыҵанакуа аибашьцәа анеизалак - иузынкылаӡом. Ҳәарада, ҳгәы иалан иахьеихсуаз, аха  иҳамблыр ада ԥсыхәа ыҟамызт, избан акәзар уи аӷа дахьтәаз акәын, аӷа ихшыҩи имчқәеи ахьыҟаз акәын, ҳажәлар рҭархаразы ршьаҿақәа ахьырыӡбоз акәын. Уажәы аҳәара мариоуп: иумблыр ҟалон, инавстәын ҳәа, аха акгьы ҳамблызҭгьы аиааирагьы ҳазгомызт. Аибашьраҿы иҟоуп аилкаарақәа, аӷа дахьтәоу аҭыԥ, уара уахьтәоу аҭыԥ ҳәа. Аӷа дтәан Аҟәа, иаҭахын Аҟәа алахысра. Ҳарада, иҟан аобектқәа зеихсра ҟамлоз, аха аминистрцәа реилазаара ажәытәтәи ахыбра еиқәырхашьа амамызт, Аҟәа ҳаиаанӡагьы шаҟантә ҳаихсхьаз. Аӷа есыҽны ирбатәын ҳамчқәа, ҭыԥ шиаҳамҭоз. Аӷа ҳаимеихсыр ада ԥсыхәа ыҟамызт", - ҳәа азгәеиҭеит Кобахьиа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0