Сырма Ашəԥҳа, Sputnik
Очамчыра араион Гəыҧ ақыҭа ииз-иааӡаз, Қарҭтəи аполитехниккатə институт аимадара афакультет иалгаз, ззаанааҭ иазҟазаз, ҧсыуа ҵасла иааӡаз, афырхаҵара ду злаз Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аветеран, "Агəымшəаразы амедал" занашьоу Даур Грышьа-иҧа Гогəуа дҭахеит цəыббрамза 27, 1992 шыкəса рзы. Иара дыздыруаз, аҧсҭазааратə мҩа ицанысыз иҩызцəа Зураб Џьынџьали Вахтанг Ԥиԥиеи иазгəарҭоит, Даур Гогəуа иҟазшьа аҷыдарақəеи иуаҩра ҳараки ртəы.
"Даур Гогəуеи сареи аҵара еицаҳҵон ҳаныстудентцəаз, хəышықəса уаҭахк ҳаицыҩнан, чаҿаҵак еиҩшаны еицаҳфон. Жəлак еицаҳхымызт акəымзар, еишьцəак реиҧш еибабоз ҳакəын", - иҳəоит Вахтанг Ԥиԥиа.
Даур Гогəуа аибашьра ианалагоз Тҟəарчал аимадара аусбарҭа деиҳабын. Усҟантəи аамҭазы аимадарақəа ишахəҭаз еиҧш иҟамызт, аҭелқəа зегьы еибаркын ацəаҳəақəа рыла.
"Ишыжəдыруа еиҧш, ацəаҳəақəа астолбқəа рҿы икнаҳан, ақалақьқəа рыбжьарагьы цəаҳəалакəын ишеибаркыз. Ҩынтə-хынтə дцақəахьан-даақəахьан, Баслахə иахьыбжьысыз днеихьан, уаанӡа арахь ааигəа Гəыҧ, Акəасқьа уҳəа иахьыҧҵəоз џьоукы ишьҭуан, зны-зынла иара дцалон. "Уара, Даур, уеизгьы-уеизгьы уара умцар амуӡои?", - ҳəа аниаҳҳəақəозгьы ыҟан. Аха, убри аҽны, амза 26 рзы дҳамбаӡеит иара. Есҽны ҳаибабон, Мрагыларатəи афронт аштаб хада Тҟəарчал иҟан. Ашьыжь ҳанеиқəшəа дыҟаӡамызт Даур, аимадара ыҟамызт, дцахьазаарын ацҟәаҳәақәа гəаиҭарцазы", - иҩыза гəакьа идҳəалаз ахҭысқəа гəыблыла игəалаиршəон Вахтанг Ԥиԥиа.
Даур Гогəуа уи ауха дымгьежьӡеит. Ус, иуа-иҭынха, иҩызцәа дыршьит ҳəа ажəабжь хлымӡаах аарылаҩит.
"Ауха ҳишьҭалеит, дҳамбаӡеит. Ицоз-иаауаз, амҩа ианыз ҳразҵааит, шьапыла имҩасуаз рахьтə џьара аӡəы дибазар ҳəа, аха ихабар ҳəа акагь ҳмаҳаит. Ус еиҧш ажəабжь ҳаҳаит дшыршьыз цәыббра 28 рзы, ашьыжь. Нас, Даур драаҳаргеит џьоукы шьҭны. Аҧсуара злаз, аҩызара азы ииашаз , уи аҩыза аҧсҭазаараҿы иоура аумаӡа аҵанакуеит. Сара сҩызцəа сыҧхахьеит, аха уи еиҧш згəы цқьаны иҟаз дмаҷын, дыбзиан, дыгəраган", - ҳəа азгəеиҭоит аибашьра аветеран Вахтанг.
Аибашьра зхызгаз ҳауаажəлар акыр ирцəыуадаҩуп урҭ амшқəа ргəаларшəара, аха урҭ ирхылҿиааз афырхаҵаратə хҭысқəа ажəлар рхы-ргəаҿы, ҳаҧсадгьыл аҭоурых аҿы наӡаӡа иаанхоит. Уи ус шакəу шьақəирҕəҕəоит Даур Гогəуа иҩыза гəакьа Зураб Џьынџьал.
"Цəыббрамза 27-ганкахьала ҳара ҳзы ихьанҭоуп, избанзар убри аҽны иҧсадгьыл ихы ақəиҵеит ҳҩыза, ҳашьа, апатриот ду Даур Гогəуа. 27 шықəса ҵит ари ахҭыс ҟалеижьҭеи, ахааназы хашҭра иқəӡам. Имширагьы, данҭахаз амш азгьы иҳаҭгəын ахь ҳцоит, шамахамзар иҳаҩҳажьӡом. Гəыҧ анышə дахьамадоу ҳнеины даҳгəалаҳаршəоит", - ҳəа азгəеиҭоит Зураб Џьынџьал.
Қарҭтəи аполитехникатə институт қəҿиарала даналга дхынҳəуеит Аҧсныҟа, Аҟəа аимадаратə усбарҭаҿы аусура далагеит. Анаҩс, иара ддəықəҵан Тҟəарчалҟа нџьныр хадас, изаанаҭ аганахь ала ихы убас еиҧш ибзианы иааирҧшит, ашьҭахь аимадараə усбарҭа еиҳабыс дарҭеит.
"Тҟəарчал ақалакь азоума, иҩызцəа рзоума даара хəарҭара злаз, зыгəра газ уаҩын. Иаб Грышьа Гогəуа, унеишь-уааишь ҳəа зарҳəоз уаҩын, иан рыцҳа Џьынџьиаҧҳан. Аҭаацəара бзиа, аҭаацəара еиқəшəа иалҵыз иоуп Даур. Аҧсуа архəҭақəа реиқəыршəара ианаҿыз аамҭазоуп Даур Гогəуа данҭахаз. Ҩныҵҟала интеллегнетла иҟаз уаҩын, дызлагаз аус аҵыхəтəанӡа инаигӡон. Аихдара ҳəа иахьашьҭоу аҭыҧ аҿы раҧхьатəи амшқəа рзы аицəажəарақəа ыҟан аимадара ҟаҵатəуп ҳəа. Убасҟан саргьы сицын, Очамчырантəи аусуцəа ааганы убра аимадара ҟаҳҵеит", - игəалаиршəоит аибашьра аветеран.
Зураб Џьынџьал игəалаиршəоит усҟан иҩыза иаиҳəоз ажəақəа:
"Ашəарҭара ду усҟангьы ҳҭагылан. Сара Даур иасҳəеит аимадара аганахь ала уахь ацара шшəарҭаз. Аха, иара убас хьыӡла ҧшала деибыҭан, хьымӡҕык сымгандаз ҳəа дыҟан. Ҩынтəгьы дцеит, ахынтə раан астолб дықəланы аимадара ацəаҳəа шыҟаиҵоз убра икəшеит ҳаҕацəа. Уаанӡагьы ауаҩы дааины иеиҳəеит: "иааиран иҟоуп, иукəшоит, ухы уахə"-ҳəа. Аха, иара убри хьымӡҕшьаны астолб аҟынтə аимадара ацәаҳәақәа еиԥшьны дшылбаауаз ауп ишикəшаз", - иҳəоит Зураб Џьынџьал.
Даур Гогуа диит ажьырныҳəамза 7, 1962 шықəсазы. Иара данҭахоз ихыҵуаз 30 шықəса ракəын. Дҭаацəаран, иҧшəмаҧҳəыс Марина Гəниаҧҳаи иареи дырхылҵхьан аҵеи.
"Даҽа усуп абџьар кны деибашьуазҭгьы, афронт аҿы дҭахазҭгьы, аимадара аус акəын дызҿыз, - уигь иамыхəаҧшит ҳаҕацəа, астолб аҟынтəи даалбааган инеигəыдҵаны дыршьит, дзыхҟьаз ҳəа акгьы ыҟаӡамкəа. Убриаҟара ҳаизааигəан, анышә данамардоз деилазҳəазгьы сара соуп. Абас, Даур ҳашьа, бзиа иаҳбоз ҳҩыза дҳаҧхеит", - уадаҩрыла абарҭ афактқәа еиҭеиҳәеит Вахтанг Ԥиԥиа.
Даур Гогəуа иҷкəынзаҵə Аслан, Заур Џьынџьал динаҭхьеит. Ирызҳауеит Даур имаҭацəа, Аслан ихшара ҩыџьа, дыҟоуп Даур иаҳəшьа Диана, аҳақьым Маврик Чагəаа иҧшəмаҧҳəыс лоуп, иҟоуп иашьцəа ҩыџьа, иани иаби рдунеи рыҧсаххьеит. Ақыҭараҿы аҩнаҭа дахагылоуп иаҳəшьаҧа.
Вахтанг Ԥиԥиа аҿар рахь ихы нарханы иҳəоит ас еиҧш иҟоу ахҭысқəа рхадмыршҭларц, Аҧсны аҭоурых иазҿлымҳазарц.
"Аиааира амш ҳаигəырҕьоит, хымҧада зегь рыла. Раҧхьаӡа инаргыланы ҳҩызцəа, ҳақəлацəа, ҳаҳəшьцəа ҳгəалаҳаршəароуп. Сшəыҳəоит, дарбанызаалак аҳаҭгəынқəа рҿы шəнеины, ишəзааигəоу шəабацəа, шəабдуцəа, шəабацəа рашьцəа уҳəа зегьы шəгəалашəыршəала. Аҿар абри азы сшəыҳəоит, икашəмыжьын, ишəмырӡын, уи ҳара ҳҭоурых ауп. Урҭ ргəалашəара анкаҳажь, ҳаҧсуара ҟалаӡом ҳəа сгəы иаанагоит", - ҳəа азгəеиҭоит Вахтанг Ԥиԥиа.
Аибашьцəа гəымшəақəа, ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцəа рҿырҧшала иааӡоу еизҳауа абиҧарақəа хымҧада уаҵəтəи амш иагəыҕырҭоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Арыцҳашьара илан, ауаҩы изы иԥсы ҭихуан: аибашьҩы Ҭемыр Џьалаӷониа иҭоурых
-
Аиааира агара ус имариаӡам: Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев игәаларшәара