Даур Ақаҩба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны дрыдыркылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Кове
Даур Кове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 49-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 8-9 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденкои аиԥылара рыман.

"Аиҿцәажәара иатема хаданы иҟан изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҽызыҟаҵара", - аҳәоит Урыстәыла ААР адырраҭара.

Аганқәа иара убасгьы ирылацәажәеит атәылақәа аҩба рыбжьара аизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәа. Аиԥылара мҩаԥысит Москва, цәыббра 30 рзы.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аганқәа амчра ахамырхәараз рҽазышәарақәа аазырԥшуа ҿырҳәалатәи аҳәамҭа еицыҟарҵар шакәу азгәарҭоит еиқәшәарацыԥхьаӡа. Уи Қырҭтәылеи Аԥсныи Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз раԥхьатәи шьаҿахоит ҳәа ахырҳәаауеит. Аха убри аан аганқәа иахьа уажәраанӡагьы ирылымшацт ҿырҳәалатәи аҳәамҭа атекст акомпромисстә вариант адкылара.

"Убри азы иазыԥхьаӡан жьҭаара 8-9 рзы имҩаԥысраны иҟоу изаамҭанытәиу араунд аҟынӡа атекст аус адулахаларц", - азгәарҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ.

Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа ООН, ОБСЕ, ЕС реицхантәаҩрала имҩаԥгахоит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 49-тәи рраунд.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0