Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Вартагаа акарантинтә хылаԥшра иазкны: иҳаҩҳажьуам аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАнзор Вартагава
Анзор Вартагава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵиаақәа рзы аҳәынҭқарратә карантинтә хылаԥшра аспециалист хада Анзор Вартагаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷақәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы лшарақәас ирымоу атәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Вартагаа акарантинтә инспекциа аусура иазкны

"Ашықәс алагамҭазы 19 хкы ахәаҷа-маҷақәа, аԥарԥалыкьқәа ҳҵиаақәа аԥхасҭа рызҭар алшо ҳәа асиа ҳаман, урҭ рахьынтә 13 Аԥсны иҟаӡам. Иаагозар, ацитрустә шәырқәа, акиви аԥхасҭа рызҭо, акьыба чымазара ҟазҵо Абжьаратәи Азиа иҟоу амҵ. Агәаҭарақәа мҩаԥаагоит, есымза урҭ реихшьаалақәа ҟаҳҵоит. Еиҳаракгьы ачымазарақәа зыхҟьо ҳәа иаҳԥхьаӡо ахәахәҭра ахьбжьоу ауп. Иаҳҳәап, Ладатәи Американтә Аԥсныҟа иааргоит апырпыл, уи гәаҳҭоит, аха иумбакәа хәаҷак алашәар ауеит. Агәаҭарақәа раан ҳхы иаҳархәоит еиуеиԥшым аферомонтә шьацҳәақәа, урҭ Урыстәылантә иҳауеит. Адгьылбжьахатә амшынтә мҵы ҳәа изышьҭоу азы ашьацҳәақәа ҟаҳҵоит апомидор, аџьықәреи рҟны. Ҳара блала иҳамбаргьы ашьацҳәаҟны инеиуеит, иакуеит. Уи ашьҭахь еиуеиԥшым ахәшәқәа аҵиаақәа рыхәшәтәразы иалҳкаауеит. Ҳҿаԥхьа ус хаданы ишьҭоу аҭҵаара, аилкаара ауп, ахәшәтәра рнапы иануп ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу аҵиаақәа рыхьчара иазку аҟәша. Ҳара иҳаҩсӡом аҵиаақәа аԥхасҭа рызҭо аҳәаҷақәа, аԥарԥалыкьқәа. Иҳамоуп иахьатәи аамҭа иақәшәо алабораториа бзиа, Урыстәыла ацхыраарала ҿыц иҳауит, аӡыргара ҟалараны иҟоуп", - иҳәеит Вартагаа.

Убри аан Вартагаа иазгәеиҭеит Аԥсны мрагыларатәи аҳәынҭқарратә ҳәаала ҳтәылахь иҭаргало аалыҵқәа рганахьала ишахәҭоу ахылаԥшра шырзыҟамҵо.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0