Шамиль Аӡынба Гагратәи ажәыларазы: хыԥхьаӡарала ҳмаҷын, аха ҳтактика ӷәӷәан

© Foto / Марина БарцыцШамиль Аӡынба
Шамиль Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 2 рзы, Гагра ахақəиҭтəразы ажəылара ианалагаз амш аҽны иарӷьа напы хəын Аԥсны Афырхаҵа Шамиль Аӡынба. Усҟантəи аамҭазы ахҭысқəа рыҿиашьа атəы лзеиҭеиҳəеит ажурналист Сырма Ашəԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Жьҭаарамза 2, 1992 шықəса рзы иалагеит Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы раԥхьатəи аиааира зхылҿиааз Гагра ақалақь ахақәиҭтәразы ажәылара. Жьҭаарамза 6 рзы, Аԥсуа ар Ԥсоу аҳəаа ахаргылара рылдыршеит Аԥсуа бираҟ.

Ԥсахара ишьақәыргылоу БРДМ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ԥсахара ишьақәыргылоу амашьына "БРДМ" аҭоурых

Жьҭаарамза 2, ашарԥазы асааҭ фба рыбжа рзы Гагра иахыкəшаны ицоз ацҳа ԥыржəеит ҳаӷацəа. Амза акы ауха аҳаирплан Су-25-еи, иара убас авертолиотқəа ҩбеи ҳаибашьцəа абомбақəа рыланажьуан. Амза 2, асааҭ 2 рзы ҳархəҭақəа асовнхара ахыбра ргеит. Колхида ахы иақəиҭтəын, анаҩс Гагра ахақəиҭтəразы ицоз ажəылара иацҵан. Усҟантəи аамҭазы имҩаԥысуаз ахҭысқəа игəалаиршəоит Аԥсны Афырхаҵа Шамиль Аӡынба.

"Ишыжəдыруа еиԥш, амацəаз ҳҭакын, ҭагалара аамҭа ааигəахон, фатəыла-жəтəыла, бџьарла еиқəыршəатəын ар. Гагратəи афронт, Гəымсҭатəи афронт ҳаман, ҳрацəаҩӡамызт. Аҳəынҭқарра анапхгара ирыӡбеит Гагра ахы иақəиҭыртəырц, Ԥсоу аҳəаа аҟынӡа инеирц аԥсуа архəҭақəа. Цəыббрамза 30 рзы ҳдəықəлеит, ҳаҽҳармазеит, ҳабџьарқəа ҳкын. Ҩба-хԥа сааҭ ҳаԥшын, аха ашьҭахь мап рҳəеит. Аҽны ажəылара ҟамлаӡеит, адырҩаҽны жьҭаарамза 1 азы ажəылара мҩаԥаҳгарц аԥшьыргеит, ҩба-хԥа сааҭ рнаҩс еиҭах мап ркит", - ҳəа азгəеиҭоит Аԥсны Афырхаҵа Шамиль Аӡынба.

Бганба Гагра араион аҭарцәра иазкны: аԥсҭазаара ҿыц ҳаузшәа ҳбеит>>

Шамиль Аӡынба излазгəаиҭо ала, акомандаҟаҵаҩцəа ирыдырҵоз адҵа иахыԥомызт, урҭ аԥҟарақəа ирықəныҟəон. Жьҭаарамза 2 рзы адҵа роуит, аҭыԥқəа дырбан, шьыбжьон асааҭ аки ҩбеи рыбжьара жəылара ицарц рарҳəеит, ақырҭцəагьы агəра рымгеит.

"Арҭ ирымоу ахəыҷала иҳалахысуеит, акагь рылшарым ҳəа рыфатə рԥханы ишахатəаз ҳара ҳжəылеит. Уи алҵшəа ижəдыруа ауп. Лазаниа ҳəа ак ҳаман, аҷкəынцəа ашьхараҟынтə еимыхны иааргеит рыбӷа иқəҵаны. Град иаҩызоуп, аха маҷк еиҳа иԥсыҽуп, анаҟə, асы аныҟоу еихсуеит еихсыӷьырц, убри ҳхы иархəаны, снариадқəак ҳаман, Камаз инақəыргыланы, аҭыԥ аҟынтə ҩба-хԥа снариадла ихысуан, нас аҭыԥ ԥсахны даҽаџьарантə аснариадқəа ҭҳарҟьон. Ақырҭқəа убас еиԥш агəаанагара рыман, 5-6 цыра ҳамоуп ҳəа, арахь акала акəын ҳашрылахысуаз. Жьҭаарамза 2 рзы ҳдəықəлеит, хыԥхьаӡарала ҳмаҷын, ҳ-БМП-қəа маҷын, аха тактикак, стратегиак аашьҭыхны, Аԥсуа ар убас ҳхы мҩаԥаҳгеит", - иҳəоит Аԥсны Афырхаҵа.

Ашəаргəындара ҟазшьас излаз ҳаӷацəа ҳаибашьцəа рыгəаӷьра иаршанхон, адунеи зегь рҽеибыҭаны ирыжəлазшəаҵəҟьа ишəеит, шьҭахьҟагьы иԥхьаҵит.

Аԥсны Афырхацәа Асҭамыр Агрбеи Руслан Харабуеи - Sputnik Аҧсны
"Шьҭа станкиступ, сеибашьлоит": Аԥсны Афырхаҵа Асҭамыр Агрба игәаларшәаразы

"Абарҭкəа зегьы анырба, ианраҳа, "уауау" рҳəан иԥхьаҵит. Иаҳҿагылазгьы ҟалеит, иҳабашьуазгьы ҟалеит. Ишыжəдыруа еиԥш, хатəгəаԥхарала еибашьуаз ргəыԥ абра иҳамаз напхгара аиҭон Шамиль Басаев, урҭ шьхала иакəшаны рышьҭахьҟала инеины, аԥшыхəратə гəыԥ 80-ҩык рҟынӡа ыҟан рҳəоит, ирыжəлеит, ҳаргьы ҳдəықəлеит, ақырҭқəагьы еижəыланы шьҭахьҟа иԥхьаҵит", - аибашьратə хҭысқəа игəалаиршəоит Шамиль Аӡынба.

Жьҭааарамза 2 рзы, Гагра ақалақь 500-600 метра иалалоны еиԥш, Шамиль Аӡынба ахəра иоуеит, иара убас Адамыр Џьапуа дырхəит. Шамиль излаиҳəо ала, анаҩстəи амшқəа ахəышəтəырҭаҿы имҩасуан.

"Сара сарӷьа напы сызлеибашьуаз хəын. Агоспиталь аҿы ҳшышьҭаз иҳаҳаит амза 6 рзы, Ԥсоу аҳəааҿы Аԥсуа ар неит ҳəа, даара ҳзеигəырӷьаз хҭысуп", - игəалаиршəоит Аԥсны Афырхаҵа.

Шамиль Аӡынба акəылӡтəы техника арота БМП далахəын. Раԥхьа уи напхгара аиҭон Леонид Аҩӡба, аха уи дҭахеит Гагра аҭарцəраан, ихаҭыԥуаҩыс дыҟан Рафаель Амԥар. Убас еиԥш ирацəан агəыԥқəа, аҟəшақəа. Анаҩс Шамиль Аӡынба БМП командаҟаҵаҩыс дыҟан. Убри дақəтəаны дышцоз ауп Ԥсахара дшырхəызгьы.

Гагра ақалақь - Sputnik Аҧсны
Исҿыҵшәаз ажәа "саб"

"Амшын инаркны ашьханӡа ҳара ҳафронт имҩаԥнагоз ажəылара иалахəыз 400-ҩык иреиҳаӡамызт. Уажəы рхыԥхьаӡара рацəазар ҟалап аҳамҭақəа занаршьо, аха раԥхьатəи ажəыларахь ицаз, Гагра иалалаз рацəаҩымызт. Иалкааны исҳəарц сҭахуп ҳҩыза, ҳашьа, Аԥсны Афырхаҵа Роберт Кəарҷиа иӡбахə. Иара илагала, ифырхаҵара Гагра аҭарцəраҿы даара ирацəоуп. Шьҭахьҟа аԥхьаҵра ззымдыруаз хаҵан, "ԥхьаҟа, ԥхьаҟа!" - ҳəа джəылон есымша. Иара дхысуан БМП аҩнуҵҟа. Гагра далаланы, ҩба-хԥа километра аршьаҟауаа раԥхьа дгыланы дцон, ақырҭқəа дырҿаҳауан, дақырҭуаз џьыршьон дара. Дреихсуан, БМП ҭаирхеит, атанк ҭаирхеит, иӷəӷəаны деибашьуан. Нас, иара ихаҭа дҭахеит жьҭаара 2 рзы Гагра амилициа ахьыҟоу авара. Аԥсны Афырхацəа ҳəа ахьӡ змоу ҳааидукылар, афырхацəа рфырхаҵа иакəын Роберт Кəарҷиа", - ҳəа азиԥхьаӡоит Шамиль Аӡынба.

Аиааира ҳзаазгаз ирхыргаз атəы ажəала аҳəара, ақьаад анҵара акырӡа иуадаҩуп. Ублаҿы ицəырҵуа аибашьра ахаҿсахьақəа рагəылаԥшра гəаӷьыуацəоуп, аха аҭоурых дыртəуп, аҭынч ԥсҭазаара аҵакы ҳдыруазарц, уи ахәшьашьа ҳақәшәаларц азы.

"Иҳахҭысыз амшқəа ҳхамшҭроуп. Ҳаҷкəынцəа ршьа каҭəоуп, Аиааира марианы иаҳмоуӡеит. Убарҭқəа ҳрызхəыцыр, ҳтəашьа-ҳгылашьа, ҳцəажəашьа уҳәа рҟны ахааназы иакəым ҳахьӡом. Ԥшӡала, аамҭа бзиақəа ҳԥеиԥшуп ҳəа агəыӷра сымоуп. Ҳаҷкəынцəа рыԥсы ҳазҭаҵаӡом, урҭ рхы ақəырҵеит Аԥсадгьыл, аиашара, аԥшӡара ҟаларц, Аԥсынра еизҳарц, аԥсуа бызшəа ҿиарц азы. Анцəа ду аказы ҳԥишəоит, зқьышықəсала иҭаирхеит миллионла иҟаз аимпериақəа, аҳəынҭқаррақəа. Ҳара ҳаиқəырханы ҳааигазар, аказы ҳԥишəоит, Анцəа иус иара идыруеит, аха ҳара иҟаҳҵаша аус ламысла азнеира ҳдырроуп", - ҳəа азгəеиҭоит Шамиль Аӡынба.

Аԥсны Афырхаҵа Шамиль Аӡынба иҩызцəеи иареи аԥхьа инаргыланы, зшьа ари адгьыл иқəшу рҿаԥхьа ҳхырхəоит, аԥсҭазаара абла иҭаԥшуаз, аха уи зқəашьымхаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцəа ргəалашəара наунагӡа ҳгəаҵаҿы иаанхоит. Аиааирақəа еснагь ирзыԥшызааит ҳауаажəлар!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0