Шалуа Жьиба: бџьарда еибашьра ҳцеит, аха аӷа ииааира ҳалшеит

© Фото : предоставлено Госмузеем Абхазии1992-1993 гг
1992-1993 гг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан сапиорс иҟаз, Гагра араион ахақәиҭтәреи Мрагыларатәи афронт ажәыларақәа ирылахәыз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Шалуа Жьиба Аиааира 26 шықәса ахыҵра инамаданы игәалаиршәоит бџьарда ишыҟазгьы, аӷа аҿагылара ширҭоз.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Шалуа Спиридон-иԥа Жьиба Баҭым аршьаҟатә полк асапиортә ротаҟны арра маҵзура дахысны Мгәыӡырхәаҟа данаалак, аусура далагоит "Ахьтәы ҟәара" аԥсшьарҭатә ҭыԥ акрыфарҭаҿы хәыҟаҵаҩс. Араҟа акыр шықәса СССР атәылақәа жәпакы рахьынтә иаауаз асасцәа инапы иҵыҵуаз ачыс ала идырчон.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба"Агәымшәаразы" амедал занашьоу Шалуа Жьиба
Шалуа Жьиба: бџьарда еибашьра ҳцеит, аха аӷа ииааира ҳалшеит - Sputnik Аҧсны
"Агәымшәаразы" амедал занашьоу Шалуа Жьиба

Акурорттә аамҭа ашыкьымҭа ишҭагылазгьы, нанҳәа 14 рзы Шалуа аԥсшьарамшы ирҭоит. Ихатә усқәа инапы рыликаанӡа, дықәианы ателевизор дшахәаԥшуаз, дзыршанхо ажәабжь иаҳауеит.

Павел Амичба - Sputnik Аҧсны
Павел Амҷба: ахы ҳаҿалон ҳҿар еиқəхарц азы

"Иаразнак сҩаҵҟьан, аусурахь снеит, усгьы "Золотой берег" ақыҭа ҷкәынцәа еизарҭас ирыман. Уантәи Гәдоуҭа арратә комиссариат ахь ҳҿынаҳхеит. Уаҟа уаҩ данҳақәымшәа, араион Ахадарахь ҳдәықәлеит. Уажәшьҭа иазусҭцәоу сгәалашәом, аха иаҳԥылақәаз армаҭәа ҳарҭан, "зны ақыҭақәа рахь шәца, адҵақәа ҟалозар адырра шәаҳҭоит" рҳәан, шьҭахьҟа ҳрышьҭит", - аибашьра раԥхьатәи амш игәалаиршәоит Шалуа.

Абџьар аӡәгьы имамызт аҟнытә, Шалуа арраҿы иоухьаз аԥышәа ихы иархәаны, иаразнак напылаҟаҵаратәи арҭҟәацгақәа реибыҭара далагеит. Иҩыза Вадик Задеи иареи аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ԥшааны, иркьаҿны ихҵәаны, арҭҟәацга афҭил аҭаны, аҩнуҵҟа акапсулақәа ҭаҵаны иҟарҵон.

Мушни Хварцкия - Sputnik Аҧсны
Ԥсабарала, шьала-дала иеибашьҩыз - Мушьни Хәарцкьиа

"Атанк азԥжәомызт, аха ауаҩы дҭанархон Вадики сареи, анаҩс урҭ рыҟаҵара зҳарҵаз ҳҩыза ҷкәын Славик Шәлымбеи еибаҳҭоз арҭҟәацгақәа", - еиҭеиҳәоит аибашьра аветеран.

Шалуеи даҽа гәыԥҩыуааки аибашьра аналага мышқәак рышьҭахь, Ауадҳараҟа ирышьҭуеит Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иҳацхраарц иаауаз ирԥыларц.

"Ауадҳара ҳшыҟаз, Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит ҳәа ҳаҳаит. Вадик Задеи, сареи, Бзыԥҭатәи аҷкәын Вахтанг Еныкьи, даҽа гәыԥҩыуааки Мамзышьхала Мгәыӡырхәаа ҳрыхьӡеит. Фата Дбар икомандаҟаҵарала аԥсшьарҭа ҩны "Украина" инаркны, Ешырантәи Агрбак иныҟәицоз атанк ҳлақәтәан, ҳқыҭа иатәыз Џьыкырбак автомат уаараҳәа иааимсхын, амҩаду рыцқьо Ԥсоунӡа ҳнеит", - иажәабжь иациҵоит аибашьҩы.

Гагра араион ахақәиҭтәра раԥхьатәи иааирахеит аԥсуа жәлар рзы. Ҳаибашьцәа ракәзар, аӷацәеи дареи рымчқәа шеиҟарамызгьы, агәыӷра роуит Аԥсны аҭарцәра шрылшо.

"Гагра аԥсуаа ҳаналала, ақырҭцәа ашәара рызцәырҵит. Мыцхәы рхы ишақәгәыӷуаз, рыҽӡаны ицо иалагеит. Дара анфырхацәоу ԥсыуаки жәаҩык ақырҭцәеи анеиҿагылоу ауп", - иҳәоит Шалуа.

Герой Абхазии Эдуард Ажиба - Sputnik Аҧсны
Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз

Аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аӷа даналырца, Шалуа Аҩадатәи Ешыра, Амзара ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ ахь Гиви Смыр командаҟаҵаҩыс дызмаз аԥшьбатәи амотохысратә баталион дацны дцоит. Рашәарамзазы диасуеит Валикәа Багаҭелиа командаҟаҵаҩыс дызмаз ахԥатәи амотохысратә баталион ахь. Араҟа ирыцеибашьуан, Шалуа иҿырԥшыганы ииԥхьаӡо Дикран Цкәуа ԥшьҩык иԥацәеи иареи.

Аҩадатәи Ешыра, "Дачи" ҳәа ззырҳәоз аҭыԥ акәша-мыкәша Шалуа иҵихит атанкԥжәагатә минақәа ҩажәа.

"Атанкԥжәагатә минаԥшаагақәа абаҳамаз. Ус сахьынаԥшуаз, анышә зқәырҳәҳәаны иҟаз аҭыԥқәа анызбалак, напыла иааимырппаны, сџьаба иҭаз ацаԥхақәа рыла, арраҿы ишызбахьаз еиԥш, ацәаҳәақәа еилысхуан", - ҳәа азгәеиҭоит иара.

Аҩадатәи Ешыра Шалуа ивыршьаауеит ҩыџьа Жьиаа рыҷкәынцәа, ҩыџьа аишьцәа гәакьацәа Ҷкотуаа.

"Цугуровка ҳаналалозгьы, ашьаарҵәыра ҳалаԥшит. Убасҟан дҭахоит аԥшыхәҩы Едуард Ажьиба, ахәра ӷәӷәа иоуеит Аполлон Шьынқәба. Ҳалбаауа ҳаналага, аӷацәа дырхәит Гәылик Жьиба, анаҩс дыҭҟәаны дыргеит. Уи иԥсышьахаз иҳаӷоу исызиаҭәашьом. Иҿахәы иҿыхра анрылымша, ажыгала иааисуа, инацәкьарақәеи ишьацәкьарақәеи хырҵәо иалагеит. Иԥсыбаҩ анҳау, ҳхы еилаԥсоз џьаҳшьеит, узҿаԥшуаз дабаҟаз... Мгәыӡырхәаа ԥыҭҩык ҭахеит Цугуровка. Мераб Маан ахәра иоуит, Вианор Гәынба хабарда дыбжьаӡит. Аиашазы, ҳгәы каҳарц акгьы ҳагымхеит, аха ҳхәыцра ҳархеит аӷа инырҵәарахьы", - игәалашәоит аибашьра аветеран.

Шалуа иқыҭауаа рыӡбахә ҳәо, агәаӷь зызҭаз аибашьҩы ҳәа дихцәажәоит зегьы иреиҵбыз Олег Дбар. Едуард Ажьибеи, Сергеи Дбари, Фата Дбари аибашьра алегендақәа ҳәа рзиҳәоит.

Шалу Жьиба далахәын Шроматәи, убас Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларақәа.

Даур Гогуа - Sputnik Аҧсны
Зыгəра газ уаҩын: аибашьҩы Даур Гогəуа игәаларшәаразы

Аҟәа анҭадырцәы, Шалуа дызцыз Фата Дбар игәыԥ Галынӡа инаӡоит. Убраҟа агранатаршәгала ианеиҿахысуаз, Шалуа ахәра иоуеит. Иахьа уажәраанӡагьы ихы иалоуп узкьысыр ҟамло ахыԥҽыхақәа.

Шалуа Жьиба аибашьра адәаҟны иааирԥшыз агәаӷьреи ахаҵареи рзы аԥсуа ар ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба 2000 шықәсазы ианеишьоит "Агәымшәаразы" амедал. Убас иаҭәашьоуп "Гагра араион ахақәиҭтәрази", "Лаҭа ахақәиҭтәрази", аиубилеитәи медалқәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьгьы Шалуа ахыԥҽыха сылоуп ҳәа аҩны даанымхеит. Иара акыр шықәса Гал араион аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахаанӡа ирратә уалԥшьақәа ирыциҵон. Далахәын 2001 шықәсазы Кәыдрытәи аҩхааҟны атеррорист Руслан Гелаев имҩаԥигарц игәиҭаз аоперациа аԥырҟәҟәаарагьы.

Аҵыхәтәаны иазгәаҭатәуп, Шалуа Жьиба аибашьра аинвалид хәа ашәҟәы шимам, ианаамҭаз "аума смыхьит" ҳәа дамаԥхашьаны иахәҭаз ақьаадқәа еиқәимыршәазт азы...

Иара убас шәаԥхьар ауеит:

Ажәабжьқәа зегьы
0