АҞӘА, жьҭаара 7– Sputnik. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" акапиталтә ремонти аиҭашьақәыргылареи рымҩаԥгара атәы радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит АУН Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" адиректор Виачеслав Ешба.
"Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" акапиталтә ремонти аиҭашьақәыргылареи рымҩаԥгаразы апроект азырхиоуп. Апроектҟаҵара мҩаԥнагоит аинститут "Ленаэропроект". Уи ари аҳаирбаӷәаза аханатә изыргылоз еиҿкаароуп азы, атәы бзианы ирдыруеит. Уажәшьҭа афинанстә зҵаара аӡбароуп иаанхаз", - иҳәоит Ешба.
Иара убас Ешба иазгәеиҭеит амастер-план ашьҭахь иҟаҵатәу аусмҩаԥгатәқәа рцашьа.
"Уажәы амастер-план еиқәыршәоуп, аҿҳәара ҩышықәса иреиҵахом, избанзар амастер-план ашьҭахь апроект-харџьынҵатә документациа шьақәҳаргылароуп. Аҳаирбаӷәаза зегьы, ашьҭԥрааратә цәаҳәа ада, шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылатәуп. Аусурақәа ҭагалан ирылагозар, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара ҩышықәса ацәагоит", - иҳәеит иара.
Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.
1993 шықәса рзы аԥхасҭа ду зауз аҳаиртә баӷәаза адыркит. 2000 шықәса рзы ахыбреи абаӷәаза аҵакыреи аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит.
2006 шықәса рзы аграждантә авиациа Жәларбжьаратәи аиҿкаара ICAO Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза акод аԥнахит, аинформациагьы адокументқәа ирылнахит. Аҳаиртә баӷәаза жәларбжьаратә еимадаразы иаркхеит.
2011 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи аҳаиртә еилахәыра "Новапорти" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
2014 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи аилахәыра "Аэропорт Девелопменти" аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аусеицураз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Иахьазы аҳаиртә баӷәаза ахархәара амоуп Аԥсны арра-ҳаиртә мчрақәа рзы.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аеродром иаиуит аицгылара астатус, ари аҩыза аӡбамҭа аднакылеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ԥхынгәы 26 рзы. Ас еиԥш астатус иалнаршоит аграждантәи аҳәынҭқарратәи (арратә, аҳәаахьчаратә, аҳазалхратә, аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рынагӡаразы даҽа авиациа хкык - азгә.) авиациақәа аеродром ахархәара.
Аԥсны ахада иқәҵарала аус зыдулоу апроект иазыԥхьагәанаҭоит аҳаиртә баӷәаза аҳәынҭқарратәи аграждантәи ҳаирыпланқәа рыдкылара.
Аҳаиртә баӷәаза "аԥсҭаҵара" 2018 шықәса рзы иалаган. Усҟан апроект-сметатә документациа азырхиаразы урыстәылатәи аинвесторцәа адыԥхьалан. Аусурақәа хыркәшахароуп 2019 шықәса нанҳәамзазы.
"Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" анбантә код аҭаразы" Ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭан жәларбжьаратәи ԥшьынбанк рыла ишьақәгылоу акод "URAS", анаҩс уи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳаирнавигациатә информациа аизак (AIP) ахь алагаларазы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза астатус аиуит
-
Ешба Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазазы: азҵаара ган рацәала аҭҵаара иаҿуп