Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа аартуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИнаугурация
Инаугурация - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны ҿыц иалху атәыла ахада изинмчра хацыркхоит Аԥсны Апарламент адепутатцәеи Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи алархәны иҭоубашьҭаҵара анымҩаԥигалак ашьҭахь.

АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада имаҵзураҭыԥ ахь инеиразы иҭоубашьҭаҵара ацеремониа аартуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукИнаугурация президента Абхазии
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа аартуп - Sputnik Аҧсны
Инаугурация президента Абхазии

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхоит ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа.

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхоит сасцәақәак рыҳасаб ала Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Сергеи Чеботарев, Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Ольга Тимофеева, ИАР атәылақәа русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аппарат анапхгаҩы Михаил Кротов, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Леонид Калашников, Ҟабарда-Балкариа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Мухамед Кодзоков, ҞБА аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Салим Жанатаев, Ҟарачы-Черқьессиа апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мусса Екзеков, Калмыкиа ахада Бату Хасиков, ареспублика аиҳабыра рхантәаҩы Иури Заицев, Аҩада Уаԥстәыла –Аланиа аделегациа, ареспублика аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Станислав Кесаев инапхгарала. Ацеремониахь иааԥхьоуп Ашьха-Ҟарабахи Никарагуеи рделегациақәа.

Аҭоубашьҭаҵара амҩаԥысшьа ашьклаԥшра алшоит Sputnik Аԥсны Telegram-канал аҿы онлаин режим ала.

Аԥсны раԥхьаӡа акәны атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара мҩаԥган 25 шықәса раԥхьа.

Аԥсны раԥхьатәи ахада ҳәа ихьӡ ҳәан Владислав Арӡынба.

Аԥсны ахада Аконституциа инапы нақәҵаны ҭоуба шьҭеиҵеит. Инапаҿы иркуп Аԥсны Аҳәынҭқарра амҳәыри абираҟи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0