Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба: адиаспореи аԥсадгьыли реимадараҟны Аԥсны ахада ицхырааара агәра ҳгоит

© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба Аԥсны ахада имаҵура идкылара иазкны Аҟәа имҩаԥгаз ауснагӡатә аҟны дықәгылеит.
Аҟәысба: адисапореи аԥсадгьыли реимадараҟны Аԥсны ахада ицхырааара агәра ҳгоит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада имаҵура идкылара иадҳәалоу аҭоубашьҭаҵара мҩаԥган иахьа  жьҭаара 9 рзы  Аминистрцәа реилазаара азал ду аҟны.

"Ҭырқәтәыла иқәынхо шәашьцәа,урҭ рыбжьара дыҟоуп атәыла апарламент адепутат Енгин Тасқәачиԥа, зегьы рыхьӡала асаламқәа шәзааҳгеит. Ҳаҭыр зқәу аҳәынҭқарра ахада! Адунеи аҿаԥхьа имҩаԥысыз идемократиатәу алхрақәа шәрылахәын, уи ала ишәоуз амчала ҳажәлар, ҳҳәынҭқарра рымаҵ аураҟны шәԥышәа шәхы иархәаны ицәыржәго аус бзиақәа гәыла-ԥсыла адгылара раҳҭоит. Владислав Арӡынба иалеидаз амҩа Ҭырқәытәылатәи адиаспореи Аԥсны иҟоу рашьцәеи дареи реимадара арҭбааразы, рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы ацхыраара шҳашәҭо агәраганы ҳаҟоуп. Ҭырқәтәыла иҟоу шәашьцәа арҭ аусқәа рҟны ирылшо ала адгылара шшәырҭо жәдырыр сҭахуп", - иҳәеит Аҟәысба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0