"Ҳара ҳфырхацәа" аҟны еиндаҭлоз ириааиз адипломқәа рырҭеит

© Sputnik / Асмат Цвижба"Ҳара ҳфырхацәа" аҟны еиндаҭлоз ириааиз адипломқәа рырҭеит
Ҳара ҳфырхацәа аҟны еиндаҭлоз ириааиз адипломқәа рырҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Ҳара ҳфырхацәа" иалахәын жәеиза тәыла рҟынтәи 13 000-ҩык ахәыҷқәа. Аиааира згаз жьҭаара 16 инаркны абҵара 7 рҟынӡа ахәыҷтәы лагер "Артек" ахь ицоит.

АҞӘА, жьҭаара 9– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Ҳара ҳфырхацәа" аҟны аиааира згаз адипломқәа рыҭара ацеремониа мҩаԥысит жьҭаара 8 рзы "Москва Аҩны" аҿы.

© Sputnik / Асмат Цвижба"Ҳара ҳфырхацәа" аҟны еиндаҭлоз ириааиз адипломқәа рырҭеит
Ҳара ҳфырхацәа аҟны еиндаҭлоз ириааиз адипломқәа рырҭеит - Sputnik Аҧсны
"Ҳара ҳфырхацәа" аҟны еиндаҭлоз ириааиз адипломқәа рырҭеит

Жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Ҳара ҳфырхацәа" аԥҟаррақәа рыла 7-10 аклассқәа рҵаҩцәа иаздырхиар акәын Аԥсны аиааиреи ахьыԥшымреи иазықәԥоз афырхацәа ирызку аусумҭақәа. Аԥсны иҟоу Россотрудничество аиҳабы Вадима Чеха ишиҳәаз ала аԥснытәи ашколхәыҷқәа реиҳараҩык ражәабжьқәа рызкын Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи рлахәылацәа.

"Аконкурс иаҵанакуан ИАР атәылақәа зегьы. Аԥснытәи ахәыҷқәа русумҭақәа акала урцәыԥхашьо иҟамызт. Ари аиндаҭлара иаанарԥшуеит ҳҭоурых шаҳдыруа, ишаҳхамшҭуа", - иҳәеит Чеха.

Аԥсны ахьӡала аиндаҭлара иалахәын 20-ҩык. Урҭ зегьы Россотрудничество аҿы адипломқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьан. Афинал ахь инеиит гагратәи абжьаратә школ №4 аҵаҩы Мадлена Микелбеи аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҵаҩы Дариа Ситниковои.

Мадлена Микелба далацәажәеит Лыхны ақыҭа иалҵыз аби аԥеи Уанаҿаа рҭоурых: аб Актәи адунеитә еибашьра далахәын, аԥа – Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа.

"Аиашазы, аусумҭа азырхиара мариамызт, архивқәа ирҭаатәхеит, иԥшаатәхеит аинтерес зҵаз астатиақәа, афотосахьақәа", - лҳәоит лара.

Дариа Ситникова Аҟәатәи аԥрыҩцәа ротриад абортмҩаԥгаҩ Надежда Курченко лфырхаҵара атәы дазааҭгылеит.

"Сара акраамҭа сзыхцәажәаша дысзалхуамызт, аҵыхәтәаны Курченко лҟны саангылеит. Макьанагьы агәра сызгом иаиааииз рахь саҵанакит ҳәа" , - лҳәоит лара.

Жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Ҳара ҳфырхацәа" ИАР атәылақәеи Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи 7-10 аклассқәа рҟны итәоу ашколхәыҷқәа ирзырхоу проектуп. Аицлабра аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла 2019 шықәса рзы иара рҽаладырхәит 11 тәыла рҟынтәи 13000-ҩык ахәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0