Аимҳәазы алаҵа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны иҟарҵаӡом

© Sputnik / Ramil Sitdikov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедицинская сестра готовит шприц для прививки от кори в детской поликлинике в Москве
Медицинская сестра готовит шприц для прививки от кори в детской поликлинике в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы аимҳәазы алаҵаҟаҵара иалагоит жьҭаарамзазы, ԥхынҷкәынынӡа имҩаԥгахалоит. Алаҵа ҟазҵар зҭаху ареспублика ауааԥсыра зегьы алаҵаҟаҵаразы ԥынгыла рымамзар аполиклиникақәа ирҭаар рылшоит.

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. 2019 шықәса рзы аимҳәазы алаҵа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны иҟарҵаӡом ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Аимҳәазы алаҵа ихымԥадатәиу амилаҭтә лаҵатә мзар ахь иаҵанакӡом. Дарбанызаалак ихатәгәаԥхарала илшоит ихәыҷы ахәыҷтәы поликлиникахь днаганы алаҵа изыҟаиҵар.

"Уаанӡагьы алаҵаҟаҵара хымԥадатәины иҟамызт. Сынтәа ауаҩы ихатәгәаԥхарала илшоит ихәыҷы ахәыҷтәы поликлиникахь днаганы алаҵа изыҟаиҵар. Аҭаацәа рыбжьара алаҵазы агәынамӡарақәа ыҟоуп, мчыла ирыдаагалошәа рбоит. Ҳара иаҳхықәкым хымԥада зегьы алаҵа рзыҟаҵара. Ауаҩы ихазы ииҭаху иара иалихыроуп", - лҳәеит Скорик.

2019 шықәса рзы аимҳәазы алаҵаҟаҵара иалагоит жьҭаарамзазы, ԥхынҷкәынынӡа имҩаԥгахалоит. Аԥхьанатә Аԥсныҟа иааган х-хәҭакны иҟоу алаҵа, 15 000 цыра инарзынаԥшуа.

Вакцинация против гриппа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аимҳәа хызҽша алаҵа аҟаҵара иалагоит

Абри ашьҭахь аимҳәа иаҿагыло ԥшь-хкыкны еилоу алаҵа "Ультрикс квадри" зықь-цыра ааргеит Аԥсныҟа ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа рыла алаҵа 18-60 шықәса зхыҵуа ауаа аамҭахҵәахатә еимҳәа рылаҵәараан ахархәара арҭоит. Иара убасгьы иара ацхыраара ҟанаҵоит А, В ргәыԥ иаҵанакуа аимҳәа ацәырҵраангьы. Алаҵа ҟазҵаз ауаҩы иммунитет 12 мзы инарзынаԥшуа ахьчара алшоит.

"Ԥшь-хәҭакны иҟоу алаҵа х-хәҭакны иҟоу алаҵа излеиԥшым авирустә еимҳәа агәыԥ В (лацәаҳәа Victoria)" антиген аилазаашьалоуп", - азгәарҭеит аминистрраҿы.

Алаҵа ҟазҵар зҭаху ареспублика ауааԥсыра зегьы алаҵаҟаҵаразы ԥынгыла рымамзар аполиклиникақәа ирҭаар рылшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0