Зеленски шықәсык аҩныҵҟа Донбасстәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара дақәгәыӷуеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрифинг В. Зеленского в Киеве
Брифинг В. Зеленского в Киеве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина амчрақәа 2014 шықәса рзы ЛЖәР, ДЖәР ирҿагыланы аибашьра иалагеит. Абри аамҭала ЕАР адыррақәа рыла иҭахахьеит жәанызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.

АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски аԥшьашаҽны аҳәамҭа ҟаиҵеит Донбасстәи аимак еиҿцәажәарыла, еиныррала шықәсык аҩныҵҟа аҭыԥ иқәҵатәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Еиҿцәажәарыла аплан аус амур нас иҟаҳҵаша ҳазхәыцып. Сара агәра згоит алшара шыҟоу. Иҟалап агха сыхьуазаргьы, аха аамҭа агарагьы ҳалшом", - иҳәеит Зеленски. Украинатәи ателеканалқәа зегьы апресс-конферециа ддырбон.

Убри аан иара иҳәеит иахьазы ахҭысқәа шыҟалаша шизымдыруа, "нормандиатәи аформат" атәыла-лахәылацәа рхадацәа дахьырԥымлац азы.

Уаанӡа, Донбасс азы аинырратә гәыԥ "Штаинмаиер иформула" иақәшаҳаҭхеит. Уи инақәыршәаны Донецки Лугански рраионқәа ахаланапхгараҭаратә статус ҷыда роуроуп.

Украина амчрақәа 2014 шықәса рзы ЛЖәР, ДЖәР ирҿагыланы аибашьра иалагеит. Абри аамҭала ЕАР адыррақәа рыла иҭахахьеит жәанызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0