Таиф Аџьба иҩымҭақәа реизга актәи атом ҭыҵит

© Foto / из личного архива семьи АджбаПоэт Таиф Аджба
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыжьымҭа азырхоуп апоет диижьҭеи 80-шықәса аҵра. Аҭыжьымҭахь иаҵанакуеит ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, алитература-критикатә статиақәа, апублицистика, аиҭагамҭақәа, апоет изы агәалашәарақәа.

АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Таиф Аџьба иҩымҭақәа реизга актәи атом ҭыҵит ҳәа еиҭеиҳәоит аиқәыршәаҩ, Аԥсны АНА академик-маӡаныҟәгаҩ Валентин Коӷониа.

Валерий Касландзия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Касланӡиа Таиф Аџьба изы: аԥсуа иаҳаҭар лазырҟәуа ацәажәарақәа ичҳауамызт

Аҭыжьымҭа азырхоуп апоет диижьҭеи 80-шықәса аҵра. Аҭыжьымҭахь иаҵанакуеит ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, алитература-критикатә статиақәа, апублицистика, аиҭагамҭақәа, апоет изы агәалашәарақәа. Зынӡа иазыԥхьагәаҭоуп ҩ-томк рҭыжьра. Аиқәыршәаҩ иажәақәа рыла аҩбатәи атомгьы ҭыҵраны иҟоуп 2019 шықәса анҵәамҭанӡа.

"Актәи атом аҿы еизакуп Таиф Аџьба ирҿиамҭақәа , аҩбатәи атом аҿы еизакхоит аурысшәахь еиҭаго апоет ирҿиамҭақәа. Таиф иԥсы анҭаз иҭыҵхьан урысшәала ашәҟәқәа хԥа", - еиҭеиҳәоит Валентин Коӷониа.

Аизга инарҭбааны ианыԥшуеит апоет ирҿиара. Валентин Коӷониа уаанӡа иҭыҵхьаз автор инапылаҩырақәеи еиҿирԥшит. Асеиԥш ҟаҵан избанзар асовет аамҭақәа раан ирацәаны Таиф ирҿиамҭақәа ацензура иахрыжьуамызт.

"Аус ду аауит Таиф инапылаҩырақәа рыҭҵаараҿы. Уаанӡа акьыԥхь збахаьаз арҿиамҭақәа зегьы аоригиналқәа ирыҿҳарԥшит. Иҟоуп ажурнал аҿы икьыԥхьыз ажәеинраалеи ашәҟәаҿы икьыԥхьыз ажәеинраалеи аивыгарақәа ахьрымоу. Усҟантәи аамҭазы ацензура еснагь автор ииҳәарц ииҭахыз ицнаҳәомызт", - иҳәоит Коӷониа.

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны
Лорка илахьынҵа зԥеиԥшыз: Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса ҵит

Аизга аиқәыршәаҩ иажәақәа рыла Таиф ирҿиамҭақәа рыԥшаара макьанагьы ихыркәшам. Иҟоуп агазеҭқәеи ажурналқәеи ирныз аха ашәҟәқәа ирнымлацыз ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи.

"Уажәы сара аԥшаарақәа сырҿуп агазеҭ "Аԥсны" ажурналқәа "Алашара", "Амцабз" рҟни. Анцәа иџьшьаны ара исымԥыхьашәеит аԥхьаҩ рацәак изымдыруа, арҭ акьыԥхьымҭақәа уаанӡа ирнылахьаз арҿиамҭақәа", - азгәеиҭоит Валентин Коӷониа.

Таиф Аџьба иҩымҭақәа реизга макьаназ ашәҟәыҭирҭақәа рахь инагам, атомқәа рыҩбагь анҭыҵлак ашьҭахь урҭ уахь инагахоит.

Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьраны иҟоуп ашәҟәыҩҩ ихаҿсахьа зныԥшуа, 100 цыракны зтираж ыҟоу, аразны ԥсар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0