Риҵатәи амилаҭтә парк 23 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукАӡиа Риҵа
Аӡиа Риҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 17, 1996 шықәса рзы, 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны, иаԥҵан Амилаҭтә парк.

Риҵатәи амилаҭтә парк ахь иаҵанакуеит адунеи аҿы еицырдыруа аӡиа Риҵа аиԥш, аҳәаанырцәтәи асасцәа бзиа еицырбахьоу, иблахкыгоу егьырҭ аҭыԥқәагьы.

Sputnik

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны 1996 шықәсазы иаҧҵоуп. Амилаҭтә парк ахи-аҵыхәеи 390 километр ԥшьыркца аҵанакуеит. Арелиеф еиуеиԥшымкәа иахьыҟоу иабзоураны аекологиатә лшара дуқәа аԥҵоуп хкы рацәала аҵиаақәеи аԥстәқәеи рзы. Аҳәырԥсарра аҳауагьы еиуеиԥшым, аладатәи аган аҿы ибжьаратәны иԥхоу инаркны аҩадаҟа ихьшәашәоу аҟынӡа.

Амилаҭтә парк иаҵанакуа адгьыл ҭыԥқәеи, уи адгьылҭыԥ иҵоу амали, аӡқәеи, аҵиаақәеи, аԥстәқәеи амилаҭтә парк ахархәаразы иаҭахоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҟны иазгәаҭоу азинқәа рыла. Амилаҭтә парк иеиднакылоит иҷыдоу аекологиатә, аҭоурыхтә, аестетикатә ҵакы змоу, иара убас аԥасабаратә, арккаратә, аҭҵаарадырратә, акультуратә хықәкқәа рзы хылаԥшра змоу, атуризм иазку аԥсабаратә комплексқәеи аобиектқәеи.

Апарк аҵла-чықьтә ҵиаақәа 120 хкы инареиҳаны иамоуп. Аладатәи абнатә маҟаҟны аҵлатәқәа рахьтә иеиҳауп абӷьы зҿало ажәлақәа, ахьаца кавказтәи, ахьараџь мрагыларатәи, аџь ибериатәи, ашә мрагыларатәи, каркас аладатәи, араш, ачамҳаҵла. Аҵлақәеи ачықьқәеи рахьтә иҟоуп ашымҳа, адыӷаџьа колхидатәи, ашыц колхидатәи, еиҳаракгьы, аӡхықәқәа рыҟны ахахәтә-кьыртә хәқәа рҿы.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк - Sputnik Аҧсны
Инга Ҭаниаԥҳа: Риҵатәи аҳәырԥсарраҟны 15 туристтә обиект аус руеит

Аҩадатәи абнатә маҟаҟны еиҳа ирацәоуп агәырбӷьыҵлақәа: аԥсаҵла, аԥсаӡ мрагыларатәи, адыӷаџьа колхидатәи, ашәч колхидатәи, ашыц колхидатәи, ашьхарпаҿ кавказтәи, амҿыш мигариитәи, колхидатәи, акадифа иеиԥшу, ицәышәшәу, акампы́р, ахәажә уб.егь. Ашьхацәҳәыраҵаҟатәи амаҟаҟны иеиқәханы иҟоуп иара убас ареликттә гәыԥқәа шьақәзыргыло ажәытәӡатәи аҵиаа хкқәа маҷымкәа, иаҳҳәап: али́лиа (ашьханаша), аисыр мамзаргьы амшаԥышәҭ (абаииа). Ашьхацәҳәыратәи адәҳәыԥшқәа рыҟны иуԥылоит ашьхардац хкқәа, аҟәышәҭы́н, аҳәа́шьҭа шәҭы, адәышәҭқәа уҳәа уб.иҵ.

Аҳәырԥсарра ԥстәылагьы ибеиоуп. Кавказ иашьцылоу ахкқәа – амшә цәышәшәы, абгахәыҷы, абынҳәа, ашьабысҭа адагьы, ара иҟоуп уаҳа даҽаџьара иуԥымло ахкқәагьы. Ашьха-бнақәа рыҟны уарла-шәарла иуԥылоит аҽацәи аҭәыҭәи, аҵысхә зқәу рахьтә кавказтәи ахкқәа - ахьажьи акәыҿбеи. Аӡхықәтәиқәа рыҩнуҵҟа имаҷӡаны иуԥыло адаӷь – кавказтәи аџьар даӷьи зегь раасҭа идуу кавказтәи аҽаҩрадаӷь цәыш ахкы аҩнуҵҟа иҟоу, даҽаџьара иуԥымло (эндемичный) азиамаҷтәи алахышьапи роуп. Аӡиасқәеи аӡиақәеи акалмаҳа рымоуп.

Аӡиа Риҵа – Кавказ иҟоу аӡиа ԥшӡақәа ируакуп. Уи ақәыԥшылара амҽхак 1.27 метр ԥшьыркца артәоит. Аура – 2490 инаӡоит, аҭбаара – 270 инаркны 870 метра рҟынӡа ыҟоуп. Уи 116 метра аҵаулара амоуп. Аӡиа иалалоит аӡиасқәа Лашԥси, иара убас аӡыхь дуқәа хԥа – Аҵатәыхәа, Ахрибаџара, Аӡхыҽҽатә, иалҵны ицоит аӡ.Ҩыԥсара.

Аӡиа Риҵа ҭаҳара-тектоникатә хылҵшьҭроуп иамоу. Аӡиа аҩаӡара ашықәс аамҭақәа, асқәа рыӡыҭра, ақәа аурақәа ирхьыԥшуп. Аӡы аԥхарра иаразнак иагхоит хыхьынтә аҵахь, убас нанҳәамзазы хыхьтәи аӡы аҿыгҳарақәа +20° рҟынӡа иԥхоит, ажьырныҳәамзазы +5° рҟынӡа.

Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа – Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥшара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ, аӡхыҽҽарақәа рбаразы арахь иаауа атуристцәа рзы иазырхиоуп 15 маршрут.

2019 шықәса иахьатәи аамҭанӡа апарк иаҭаахьеит 305 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа. 2018 шықәса ари аамҭа иаҿурԥшуазар ари 3 435–ҩык рыла еиҵоуп.

Трейлранинг - Sputnik Аҧсны
Риҵа, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа, ацгәы: аиԥхныҩлара "Аԥсны абырлаш" шымҩаԥысуа

Сынтәа, нанҳәамзазы раԥхьаӡа акәны ара имҩаԥысит урыстәылатәи аилазаара WildMountainRace еиҿнакааз треилранинг азы аицлабрақәа. Аицлабрақәа ирылахәхеит 200-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа, 18–ҩык Аԥсны атриатлон азы Афедерациа иалахәылацәан.

Абри ашьҭахь арҭ аҭыԥқәа рҿы еиҿкаан даҽа спорттә уснагӡатәык. Аԥсны, Урыстәыла, Франциа, Украина, Белоруссиа рхаҭарнакцәа, зықәра 13 - 67 инаӡоз аиԥхныҩлара "Жемчужина Абхазии" рҽаладырхәит.

Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакыраҿы имҩаԥысит иара убасгьы есышықәсатәи афестиваль "Риҵа арифмақәа". Сынтәатәи афестиваль Фазиль Искандер ирҿиамҭа иазкын.

Цәыббра 18 рзы имҩаԥгаз VI Жәларбжьаратәи арт-пленер "Краски осени Абхазии-2019" 20-ҩык апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа аднаԥхьалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0