Украина Амшынеиқәатә флот аԥырхага анаҭарц иаҿуп ҳәа АИХ алаҳәара ҟарҵеит

© Sputnik / Василий Батанов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАракетатә креисер
Аракетатә креисер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшынӷбақәа ирҿагыло абжьы аасҭа иласу украинатәи аракета "Молния" аус адырулоит. Уи ацилиндр аформа амоуп, ишиашоу афымцала аус зуа аракетатә рныҟәага азҭоуп.

АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Украина аус аднаулоит абжьы аасҭа иласу аракета, уи алагьы иагәҭакуп Амшын еиқәа акваториа ахылаԥшра анапаҿы аагара ҳәа аҩуеит китаитәи аҭыжьымҭа Sohu.

"Аракета "Молния", ишырҳәо ала, еиҳарак иззырхоу Урыстәыла аҿагылароуп. Иара ацхыраарала Украина Амшын еиқәаҿы аҳра зуа атәыла аԥынгыла анаҭарц агәҭакуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аракета аконструкторцәа руаӡәк иазгәаҭарала, аракета Х-31-и "Молниеи" лшарала еиҟароуп, аха аҵыхәтәантәи аласра еиҳа еиҳауп, иара убасгьы ахара аԥырра алшоит.

Военные корабли в бухте Севастополя. - Sputnik Аҧсны
Украинатәи аӷба Урыстәыла амшынеиқәатә флот аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥыргоз инеиит

Абжьы аасҭа иццаку аракета "Блискавка" ("Молния") амакет цәырган Киев имҩаԥысуаз ацәыргақәҵа "Оружие и безопасность – 2019" аҟны. Иара аус адырулон аконструктортә биуро "Южное" аҟазауаа.

КБ "Южное" ахаҭарнакцәа ражәақәа рыла, "Молния" аракетақәа хԥа – арадиолокациатә хы змоу, арадиолокациа иаҿагыло, акласс "адгьыл-аҳауа" иатәу – рылшарақәа еизакны иаиуеит.

Агазеҭ "Комсомольская правда" ахҳәааҟаҵаҩ, аполковник Виктор Баранец арадио Sputnik аефир аҿы дахцәажәеит аракета ҿыц.

"Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аусурақәа ирышьклаԥшуеит. "Молния" аус шадыруло рбоит. Аха украинатәи аконструкторцәа рамбициатә хәшьарақәа аракета атехникатә ҟазшьа аасҭа маҷк еиҳауп", - иҳәеит Виктор Баранец.

Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла иуникалу абџьар амоуп, Украина ацәыргақәҵаҿ иӡыргоу абџьар макьаназы баша ҽхәароуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0