Ҳаџьымба ақалақь ахадара аколлектив дыдирдырит Аҟәа ахада инапынҵақәа назыгӡало

© Sputnik / Бадрак Авидзба Представление главы администрации Сухума Кана Кварчия
Представление главы администрации Сухума Кана Кварчия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақалақь ахадас далырхуеит Аԥсны атәылауаҩ, қәрала 30 шықәса инеихьоу, хәышықәса иреиҵамкәа аџьатә шықәса змоу.

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ақалақь ахадара аколлектив дыдирдырит Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡало Кан Кәарҷиа.

Ақалақьтә еизара аӡбра ашьҭахь аҳҭнықалақь ахада даиуеит - Sputnik Аҧсны
Ақалақьтә еизара аӡбра ашьҭахь аҳҭнықалақь ахада даиуеит

Атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Барцыц Кана Кәарҷиа ақалақь ахада инапынҵақәа шынеигӡо азы Аусԥҟа даԥхьеит.

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп: "Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә-дгьылҵакыратә акрақәа рыҟны анапхгаразы" Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Аҟәа ақалақь Администрациа Ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭазааит Кәарҷиа Кан Валери-иҧа" ҳәа.

"Аиҭакрақәа хымԥадатәуп. Анапхгара ҿыц уи алдыршап ҳәа сгәыӷуеит. Сгәыӷуеит ақалақь ахаҿра аҽаԥсахып ҳәа", - иҳәеит атәыла ахада.

Кәарҷиа иҭабуп ҳәа ахиҳәааит изыҟарҵаз агәрагаразы.

"Иҭабуп исышәҭаз агәрагараз. Ақалаақь алшарақәа зегьы ахархәара раҳҭап ҳәа сеигәыӷуеит", - иҳәеит иара.

Рауль Ҳаџьымба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ақалақь уаанӡатәи ахада Адгәыр Ҳаразиа, иазгәеиҭеит аҽа усурак аҿы иԥышәа ахархәара алыршахап ҳәа.

Жьҭаара 21 рзы Адгәыр Ҳаразиа ақалақь ахадараҟынтәи ԥхьатәара ацара шиӡбаз азы абрифинг аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Кан Кварчия - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа неигӡалоит Кан Кәарҷиа

Ақалақьтә еизара, атәыла Ахада акандидатура анынаишьҭ ашьҭахь 30 усутә мшы иахымгакәа иаднакылоит аӡбра уи акандидатура (ақалақь Ахада, араион Ахада, араион иатәу ақалақь Ахада) иақәшаҳаҭхо иақәымшаҳаҭхо азы.

Аизарахь инашьҭу акандидатура мап ицәнакуазар, атәыла Ахада азин имоуп Аизарахь иара уи акандидатура аиҭанашьҭра мамзаргьы акандидатура ҿыц анашьҭра. Уаанӡа инашьҭыз акандидатура еиҭахгьы мап ацәкызар, акандидатура ҿыц наишьҭроуп, иҟоу ықәганы.

Аизара азин амоуп Ахада игәрамгараз, нас уи азҵаара атәыла Ахада идгалараз. Агәрамгараз аӡбра рыдыркылоит Аизара адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 2́/3 бжьы ала. Абри аан атәыла Ахада азин имоуп асеиԥш иҟоу аӡбра дақәшаҳаҭымхарц. Шықәсык аҩныҵҟа агәрамгаратә вотум аҽазнык иаарԥшызар, атәыла Ахада азин имоуп Ахада ԥхьатәара ишьҭра мамзаргьы Жәлар Реизара аушьҭра.

Ақалақь ахадас далырхуеит Аԥсны атәылауаҩ, қәрала 30 шықәса инеихьоу, хәышықәса иреиҵамкәа аџьатә шықәса змоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0